Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: Аԥсны ада адунеи аҿы иуԥымло, иззымҳауа аҵиаақәеи аԥстәқәеи ауаа идырдыртәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқаарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аҵиаақәеи ирызку Ашәҟәы ҟаԥшь аҭыжьра ахәҭаны изиԥхьаӡо.
Ҷыҭанаа: Аԥсны ада адунеи аҿы иуԥымло, иззымҳауа аҵиаақәеи аԥстәқәеи ауаа идырдыртәуп

"Ҳара Ашәҟәы ҟаԥшь ианаҳҵарц иаҳҭаху, аендемикқәа (ред.- изаҵәу ахкқәа) ҳәа изышьҭоу роуп. Аԥсны ада адунеи зегьы аҿы џьаргьы иуԥымло, иззымҳауа аҵиаақәа. Урҭ рыԥшӡареи рыԥсабареи иахҟьаны, ԥсшьаҩык, мамзаргьы дарбанзаалакгьы џьара аӡәы днахыкәласны иҿихар алшоит, уи аҵыхәтәантәи ҵиаахкны иҟазар ҟалоит. Убри аҟнытә аендемикқәа ҳәа изышьҭоу аҵиаа хкқәа зегьы анылар ҳҭахуп Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь. Урҭ рхыԥхьаӡара 300-400 рҟынӡа инаӡоит. Уи аҵиаақәа ргәыԥ заҵәык ауп, иҟоуп аԥстәқәа ргәыԥгьы. Урҭ хыԥхьаӡарала убриаҟарагьы инеир алшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.  

Ажәабжьқәа зегьы
0