Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭелиа алагер "Ажәеиԥшьаа" иазкны: аԥсуа цәа ахҵаны имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ахәыҷҭәы лагер "Ажәеиԥшьаа" Ауадҳара аусура ишалаго.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қәҭелиа ахәыҷтәы лагер "Ажәеиԥшьаа" иазкны

Рашәарамзазы аԥыза-министр Валери Бганба аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра анапынҵа аиҭеит аԥхынтәи ахәыҷтәы лагер "Ажәеиԥшьаа" аиҿкааразы.

"Ашколхәыҷқәа рлагер "Ажәеиԥшьаа" шьҭа ҩышықәсоуп еиҿаҳкаауеижьҭеи. Сынтәа аусура иалагоит ԥхынгәы 22 инаркны нанҳәа 18-нӡа. Ари аамҭа иалагӡаны ԥшь-гәыԥк аднакылоит алагер, ҵыԥх акәзар х-гәыԥк ыҟан. Ахәыҷқәа, мчыбжьык, Ауадҳара рыԥсы ршьалоит амшьамбақәа рҟны. Ирҭаауеит еиуеиԥшым аӡиақәа, аҭыԥ ԥшӡарақәа. Иара убас, сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ацхыраарала еиҿкаахоит аҭоурых, аетнологиа, аԥсуа милаҭ рхымҩаԥгашьа атәы зҳәо алекциақәа. Убасгьы аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рхы рыладырхәоит ахәыҷқәа, идырбахоит аԥсуа фильмқәа. Ҵыԥх еиԥш сынтәагьы алагер аԥсуа цәа ахҵаны имҩаԥысуеит", -  иҳәеит Қәҭелиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0