Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр: финансла - абызшәа ахаҵгылара аиуроуп, цәажәарала мацара акәымкәа

© SputnikИрина Кокоскир
Ирина Кокоскир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа азҵаара алацәажәара анаҩс иахәҭоу афинанстә цхыраара аиуроуп ҳәа.
Кәакәасқьыр: финансла - абызшәа ахаҵгылара аиуроуп, цәажәарала мацара акәымкәа

Ауаажәларратә палатаҟны аԥсуа бызшәа азҵаара иазкны аилатәара мҩаԥган ахаша, ԥхынгәы 17 рзы.

Хагәышь: аԥсышәала ицәажәо ақьаад ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыргылом

"Ҳбызшәа азҵааара ӡбаӡам, убри аҟынтәи есҽны иазхьаԥшлатәуп аҳәынҭқарра, ауаажәлар рганахьала. Апрограммақәагьы акымкәа-ҩбамкәа иҟаҳҵахьеит, аха уи ала иуӡбо зҵаарам. Иахьа амилаҭ маҷқәа рбызшәақәа ашәарҭара ианҭагылоу аамҭоуп, ҳаҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа алагьы иаҳбоит уи. Иахьа аглоболизациатә процессқәеи атехнологиатә хархәага ҿыцқәеи ицәырырго ауадаҩрақәа абызшәа аҭагылазаашьа иаҳагьы иҵарны иқәдыргылоит. Абызшәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ахаҵгылара аиуроуп, цәажәарала мацара акәымкәа. Иахьа аамҭа шыҟоу ала ԥара хәыҷык ала иауӡом. Абызшәа ахәыҷы аҩнаҭа аҟынтәи идәылигароуп ҳҳәоит, аха аҳәынҭқарратә бызшәа акәны ианыҟала, егьырҭ амилаҭқәа рхәыҷқәа аҩны изладәылыргои? Аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсуаа мацара ракәымқәа егьырҭ амилаҭқәагьы ирҳәо иҟалароуп", - лҳәеит Қәакәасқьырԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0