АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Ҭырқәтәыла урыстәылатәи акомплексқәа С-400 ахьаанахәо инадҳәаланы уажәшьҭарнахыс апрограмма F-35 иалҵроуп ҳәа рҳәеит Вашингтон. ЕАА иазырыԥхьаӡоит Москва, иҿыцӡоу аҳаирплан нырҵәагақәа F-35 рзы адыррақәа аиур алшоит Ҭырқәтәыла урҭ рыҟаҵара апрограмма иалахәхар ҳәа.
RT ишаанацҳауа ала Аҩны шкәакәаҿы "С-400 аахәара алианс алахәылацәа зегьы ргәы нанагӡом". Ари ԥхьаҟазы Ҭырқәтәылеи алианси реизыҟазаашьагьы ҵнашәаауеит.
"F-35, иаразы адыррақәа зегьы еизызгалар алшо урыстәылатәи аԥшыхәратә платформа инаваргыланы ахархәара ҟалом", - азгәарҭеит ЕАА ахадара.
Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ЕАА аҳәамҭа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иршьоит.
"С-400 F-35 иаԥырхагоуп ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп", - рҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Абри аан НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәеит Ҭырқәтәыла алианс алгара азҵаара иалацәажәам ҳәа.
Урыстәылатәи С-400 Ҭырқәтәылаҟа анагара ианалага, ԥхынгәы 17 инаркны ЕАА, Ҭырқәтәыла F-35 апрограмма иалгоуп ҳәа рҳәеит.
Москвеи Анкареи аилаӡара рыбжьарҵеит 2017 шықәса рзы.