Ҳаразиа: Ҭырқәтәыла иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аԥсуа қыҭақәа ааха ӷәӷәа рыҭоуп
"Ауааԥсыра иҭахаз мамзаргьы хабарда иӡыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, аҩнқәагьы агеит ҳәа макьана иҳазҳәаӡом, аха аӡқәа рыҵалеит иӷәӷәаны. Ауҭраҭых, аԥш, аҟәыд, ауаа рырахә рышәахә ԥырхага ду анаҭеит. Араса имаҷымкәа ирыман, уигьы ԥхасҭахеит, шьаҭак аанымхакәа иахьагаз арасаҭрақәагьы ыҟоуп. Аԥсуаа ахьынхо ҩқыҭак еимаздо ацҳақәеи амҩақәеи арбгеит, алашара ыҟаӡам, ҭелла уасыртә еиԥш аҭагылазаашьагьы ыҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Қәҭарба аԥсуа қыҭа Есма-Ҳаным иҟоу аӡхыҵразы: ауааԥсыра аимадара рымам