"Алаф ашҭа": апародиақәа рыхәылԥаз адраматә театр аҟны имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукВечер пародий в абхазском театре
Вечер пародий в абхазском театре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ацена маҷ аҟны. "Алаф ашҭа" иалахәын иазхаҵоу апародиа азҟазацәа реиԥш, иҿыцу авторцәагьы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Апародиеи асатиреи лассы-лассы алитературатә усмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы ахатә ҭыԥ ааныркылалоит. Асатиратә ажәа аҳра ахьауа, иҵару аԥсуа лаф иазку аиқәшәарақәа изныкымкәа имҩаԥысхьеит, ААУ аҳәаақәа рҟны еиԥш, аԥсуа театр асцена ду аҿгьы.

Адгәыр Ӡиӡариа: акарикатура – иҷыдоу алаф хкыуп

Владимир Занҭариа иажәеинраалақәа рпародиа ала алаф ажәа хациркит апоет, апрозаик Игорь Хәарцкьиа. Ҵыхәаԥҵәарада алаф зхылҿиаауа автор ималаныҟәа, идырым афранцыз ԥҳәызба ҳамҭас изынлыжьыз "де золе" уҳәа, Занҭариа парижтәи ицикл акәын Хәарцкьиа уажәы ихҭакны имаз. Азал аҟынтәи арҭ апародиақәа инапы рзеиниҟьон Владимир Константин-иԥа ихаҭагьы.

Анаҩс ажәа иҭан, апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа ишазгәалҭаз еиԥш, асатиратә ажәа хны изҿоу апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Иара ихаҭа излазгәеиҭаз ала дзыԥхьараны дыҟаз апародиақәа рҵакы, хадаратәла иахьатәи аамҭа "иаднацәылон". Иаҳҳәап, дзыԥхьақәаз рҟынтәи актәи:

"Апрезидентрахь зхы зырхаз,

Убри аҟара ирацәаҩхеит.

Ҳаауԥхьаӡар арахь инхаз,

Зыбжьы зҭиуа ҳаиҵахеит".

© Sputnik / Томас ТхайцукАжурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа апародиақәа рыхәылԥаз аҿы.
Алаф ашҭа: апародиақәа рыхәылԥаз адраматә театр аҟны имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа апародиақәа рыхәылԥаз аҿы.

 

Анатоли Ианкәа-иԥа икьаҿу исатиратә ҩымҭақәа данрыԥхьа ашьҭахь, даԥхьеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа илзиикыз аепиграмма. "Елеонора аепиграмма лзуук, амца уалаԥал – зегьакоуп" ҳәа днахлафын, аԥхьара далагеит:

"Ицәгьагәышьоуп, аха, лшоура,

Даныҟам гәҿыӷьроуп Елеонора.

Афеисбучкацәа лнацәа иахаршәуп,

Лара иахьылҳәаз ахҭа иҭаршәуп.

Амал еимҵәаҩцәа даарбеит – идысуеит,

Урҭ зны-зынлагь дрывахысуеит.

Аха есымшаҵәҟьагь илҳәом лиаша,

Инықәлыртәоит аԥсы ахьашьаша…"

Иара убас Лагәлаа дрыԥхьеит аепиграммақәа, Гәында Кәыҵниаԥҳаи Гәында Сақаниаԥҳаи ирхиҳәааз, Игорь Хәарцкьиа изикыз уҳәа.

Ахәылԥаз даман асас ҷыдагьы: ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба. Иара еизаз ирзынаигӡеит алаф ашәа, иара убас аԥсуа естрадаҿы иклассикахахьоу иашәақәа рҟынтәи акы-ҩба. Алаф инаваргыланы ахәылԥаз амузыкагьы анацла, ахәаԥшцәа еиҳа-еиҳа ргәалаҟара шьҭыҵуан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәылԥаз даман асас ҷыдагьы: ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба
Алаф ашҭа: апародиақәа рыхәылԥаз адраматә театр аҟны имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Ахәылԥаз даман асас ҷыдагьы: ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба

 

Апородиа ахәылԥаз аиҿкааҩ, апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа лықәгылара хацлыркит апоет Анатоли Лагәлаа изылкыз аепиграммақәа рыла:

"Ишарылеит Сылашара,

Иамҵәагәышьт агонорар.

Исыргәыбзыӷит сыбжьы хаа ала,

Аиҳабыраа сџьамагьар.

….

Аха исзыгәаӷьуам, зегь башоуп,

Сықәҵып Ҷлоуҟа схы рханы.

Аиҳабыраа ирҳәо иашоуп:

Аԥара ыҟаӡам Аԥсны".

 

Апародиақәа рыхәылԥаз аҟны автор ҿыц иаҳасабала дцәырҵит асахьаҭыхҩы Илиа Ҵәыџьбагьы.

Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп

Аҵыхәтәажәа аҳәара идын Аԥсны акультуреи аҭоурых культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба. Иара актиорк иаҳасабала еицырдыруа аԥсуа ҵарауаа, академикцәа рцәажәашьақәа ҟаиҵо даналага, ахәаԥшцәа уажәаԥхьа ираҳахьаз аасҭагьы иарччеит. Адамыр иааирԥшуаз ауаа адәахьтәи рҭеиҭыԥш адагьы рыбжьқәагьы уамашәа ирзааигәаӡаны аиҭарсра илшон аҟнытә ахәаԥшцәагьы кыр аамҭа дрышьҭуамызт.

Адамыр излеиҳәаз ала аиҵбыратә классқәа раахыс ауаа рцәажәашьақәа реиҭарсра бзиа ибон. Агәылацәа рхымҩаԥгашьа, рцәажәашьа актиорк иеиԥш ирзааигәаӡаны ишааирԥшуаз гәазҭаз иҭаацәа ирҭаххеит актиортә ҟазара иҽазикырц. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны Адамыр иалихит даҽа мҩак. Дҭалеит афилологиатә факультет.

"Аҵара санҭаз аамҭазы, пату ду зқәысҵо сырҵаҩцәа, дара ишырбоз рыҟаҵашьақәа аасырԥшыр акәхеит, ныҳәатә еиԥыларак аҟны. Аха даргьы, иааџьоушьартә ибзианы ирыдыркылеит слаф. Уи аахысгьы зны-зынла иансыҳәалакь дырҩеигь реиҭарсра салагоит. Сара бзиа избоит алаф здызкыло, иазымгәаауа ауаа. Сгәанала, жәытәнатә аахыс ишыҟаз еиԥш, иахьагьы аԥсуаа асамырҟәыл пату ақәырҵоит. Аԥсҭазаара лахҿыхрак ацзароуп. Уи адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам", - иазгәеиҭеит Гәынба.

Астудент Асҭамыр Кәакәасқьыр раԥхьаӡакәны апародиақәа рыхәылԥаз даҭааит. Иибази иаҳази ахәшьара ҳаракы рыҭо, иара иазгәеиҭеит егьыраан иҩызцәагьы ари ахәылԥаз ишадиԥхьало.

"Уажәаԥхьагьы апародиақәа рыхәылԥаз аӡбахә саҳахьан, акыр исзеинтересын уи аҭаарагьы, аха иахьоуп раԥхьаӡакәны санахәаԥш. Сгәанала, иахьа еиԥш аԥсуа лаф алитературатә форма аҭаны асценахь ацәыргара – иагьиашоуп, иагьаҭахуп" - иҳәеит иара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0