Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭеи Лыхни ашколқәа аремонт рзыруеит
Гәдоуҭеи Лыхни ашколқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 3 аремонт азура иалагеит 2017 шықәса рзы. Уи иазоужьын 80 миллион 400 нызқь мааҭ.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәдоуҭеи Лыхныи ашколқәа аремонт рзыруит. Арҭ аобиектқәа дырҭааит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, аҵара министр Адгур Какоба, Гәдоуҭа араион аиҳабы Руслан Ладариа, аргыларақәа рнандадаҩ Игор Циментиа Гәдоуҭа зеиҭарҿыцра иаҿу абжьаратә школқәа ргәаҭараан.
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, аҵара министр Адгур Какоба, Гәдоуҭа араион аиҳабы Руслан Ладариа, аргыларақәа рнандадаҩ Игор Циментиа Гәдоуҭа зеиҭарҿыцра иаҿу абжьаратә школқәа ргәаҭараан.

Гәдоуҭатәи абжьаратә школы № 3 аҵарашықәс ҿыц азы ашәқәа аартхоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Зеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба усутә ныҟәарала Гәдоуҭа араион аҿы иҟазаараан ашкол аҿы аусурақәа шцо абаразы даҭааит. Ашкол № 3 аремонт азура иалагеит 2017 шықәса рзы. Уи иазоужьын 80 миллион 400 нызқьмааҭ. Аргылаҩцәа ашкол адәахьтәи аусурақәа мҩаԥыргахьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Зеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ

"Аремонт амҩаԥгараан проблема рацәа ҳмоуит. Иаанханы иҟоу адашьма ақәҵароуп, нас ашкол акәша-мыкәша арԥшӡара. Аҿҳәарақәа ҳҽырҭаҳагӡоит", - иҳәоит анардадаҩ ихаҭарнак Шалико Хагуш.

Ашкол адиректор Инны Ҳалуашьԥҳа лажәақәа рыла ашкол аадыртызар аремонт азырымуцызт. Ашкол ҿыц иаднакылараны иҟоуп 600-ҩык аҵаҩцәа. Уажәазы уа аҵара рҵоит 150-ҩык.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗеиҭашьақәыргылара иаҿу Аԥсны Афырхаҵа Фридон Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи ахԥатәи абжьаратә школ
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Зеиҭашьақәыргылара иаҿу Аԥсны Афырхаҵа Фридон Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи ахԥатәи абжьаратә школ

Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху лыхнытәи абжьаратә школ аҿгьы аремонт хацыркын 2017 шықәса рзы, иазоужьын 113 миллион мааҭ.

"Ахыбра акыр иқәсхьеит. Шьаҭанкыла ирӷәӷәатәхеит. Иахьазы аусурақәа рхыркәшара акгьы агым", - иҳәоит анардадаҩ ихаҭарнак Игор Циментиа.

Ашкол аартын 1981 шықәса рзы. Убри аахыс аремонт ҟарымҵацызт. Уажәы инханы иҟоу ашкол арԥшӡаратә усурақәа роуп. Аԥсны ахада иҳәеит иибаз игәы ишахәаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит - Sputnik Аҧсны
Зеиҭашьақәыргылара иаҿу Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ

"Ашколқәа ремонт шыҟаҵоу шьахәуп. Ихадароу ашколқәа рышҭа хәыҷыла иҭәызароуп", - иҳәеит иара.

Лыхнытәи ашкол аҿы аҵарашықәс ҿыц алагара ауеит. Ара аҵара рҵоит 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. ашкол 800-ҩык рҟынӡа аднакылар алшоит.

Иара убас шәаԥхьа ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0