Абе Иапониеи Урыстәылеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара игәы иҭоуп

© AP Photo Shuji KajiyamaИапониа аԥыза-министр Синӡо Абе
Иапониа аԥыза-министр Синӡо Абе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иапониа аԥыза-министр Синӡо Абе Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Иапониа аԥыза-министр Синӡо Абе Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара ахҳәаа аҭо, иазгәеиҭеит абри азҵаараҿы иара инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәаанӡа, 2021 шықәсанӡа аус еиҵыхтәуп, аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NHK адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбара иахәҭакны иахәаԥшуан.

Уаанӡа Владимир Путин ажәадгала ҟаиҵахьан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа Токиои Москвеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0