Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира иазкны: аҳәынҭқарра алшарақәа маҷуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалиа
Амиран Какалиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik аҟны анхацәа раарыхра-рыҭиратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы даналацәажәоз иазгәеиҭеит ҳаамҭазы уи азҵаара аӡбаразы аҳәынҭқарра алшарақәа шмаҷу.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Какалиа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира иазкны

"Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раарыхраан шаҟа аҳәаа иахырго, иахьырҭиуа ҳазҿлымҳауп. 2018-2019 шш. рзы 35 нызқь тонна инацны ацитрустә шәырқәа Урыстәыла иган, Аԥснынтәи еиуеиԥшым ауҭраҭыхқәагьы ргоит. Аха аџьармыкьа ахатә закәанқәа амоуп, даара иуадаҩуп анҭыҵ агара. Иаҳбоит, анхацәа акарпыжә аадрыхын иабаҳгои ҳәа азҵаара ықәдыргылоит. Аиҳабыра рхада иҟны аиқәшәара ҳаман, ари азҵаара ҳалацәажәон. Аԥсны анҭыҵынтә акарпыжә ҭаргалоит. Араҟа иааҳрыхуа иаҳа ирацәаны иҳазтәоит анҭыҵынтә иаарго аасҭа. Ари азнеишьа аҭахуп, азхәыцшьа. Ацха аазрыхуа иакәзар, 300 мааҭ ҳәа аҳәынҭқарра иаанахәар иҭахуп, аха ус еиԥш ахә ыҟаӡам. Аҳәынҭқарра алшарақәа ҳахәаԥшроуп ҳаргьы", - иҳәеит Какалиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0