Украина еиланагеит Донбасси иареи ирылаҳәаз аинышәара

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина амчрақәа рҽазыҟаҵарақәа
Украина амчрақәа рҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украинатәи амчрақәа ирылаҳәаз аинышәаратә ҭагылазаашьа Донбасс иахьаҵанакуаз еиԥырҟьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Украинатәи амчрақәа ирылаҳәаз аинышәаратә ҭагылазаашьа Донбасс иахьаҵанакуаз еиԥырҟьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Донбасс алахысра шыҟалаз азгәаҭан ҿҳәарадатәи аинышәаратә ҭагылазаашьа азинмчра анаиу ашьҭахь 12 сааҭи 53 минуҭи ааҵуаны. Украинатәи аруаа Лебединское — Новаиа Тавриа иалахысуан ҳәа аарыцҳауеит ДЖәР аҟынтәи.

Убри аан ЛЖәР аҟны аинышәара еиԥырымҟьеит ҳәа рҳәоит.

Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы асеиԥш ахымҩаԥгара аиқәшаҳаҭрақәа пату рықәымҵароуп иаанаго ҳәа ахырҳәааит.

"Ари уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа рызхьамԥшроуп иаанаго. Атәыла анапхгара асеиԥш ахымҩаԥгашьа аԥыдмырҟәҟәаар, дара рус алоуп ҳәа иазуԥхьаӡароуп", - иҳәеит жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа ахеилак аиҳабы Сергеи Цеков, RT аинтервиу анеиҭоз.

Уаанӡа Sputnik адыррақәа ҟанаҵахьан Минск аинырратә гәыԥқәа еилацәажәеит Донбасс ԥхынгәы 21 асааҭ 00.01 инаркны аинышәаратә ҭагылазаашьа аԥырҵоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0