"Евразиатәи амилаҭтә еидгыла" агуманитартә проект ҿыцқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпресс-конференциа
Апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Агуманитартә проектқәа Аԥсны: апроблемақәеи алшарақәеи" иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы ԥхынгәы 23 рзы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аԥсуа культура, аҭоурых, алитература рыҭҵаара – абарҭ адҵақәа роуп Аԥсны арегионқәа рҿы агуманитартә проектқәа азыԥхьагәазҭо "Евразиатәи амилаҭтә еидгыла" аҿаԥхьа иқәнаргыло.

Арегионалбжьаратә уаажәларратә еиҿкаара "Евразиатәи амилаҭтә еидгыла" анапхгаҩы Татиана Полоскова иазгәалҭеит Аԥсны акультура-гуманитартә уснагӡатәқәа шеиҿыркаауа, аха урҭ шхаз-хазу, иахәҭоу иаку акомплекстә система шаԥҵатәу.

"Ҳаилацәажәеит Гал араион аҿы зметраж кьаҿу акино афестиваль мҩаԥаагоит ҳәа. Ҳәарада иара иалахәхароуп абри атема аинтерес змоу зегьы. Аҟазаратә коллектив ҳзаауазар, раионк акәымкәа араионқәа зегьы ирҭаароуп", - лҳәеит лара.

Гал иара убасгьы гәҭакыс ирымоуп аҭыԥантәи адраматә кружок аиҿкаара.

"Аԥсуа епос шьаҭас иаҭаны аспектакль ықәҳаргылоит", - лҳәоит Полоскова.

Аԥсны ақалақьқәа зегьы хаз игоу апрограмма иаԥсоуп ҳәа азылыԥхьаӡоит Полоскова.

"Иаҳҳәап, Гагра еснагь атәыла акультуратә ҳҭнықалақь ҳәа ишьан. Убри азы иаҳҭахуп ҽааназы Жәларбжьаратәи акультура афестиваль амҩаԥгара. Гәҭакыс иҳамоуп иара есышықәсатәины иҟаҳҵарц", - еиҭалҳәоит лара.

Очамчыра акәзар аспорт азхьаԥшра азутәуп. 2019 шықәса рзы аиҿкаара анапхгарала ақалақь аҿы имҩаԥгахоит аицлабрақәа Урыстәылеи Белорусиеи рыспортсменцәа алархәны.

Раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа

Аҟәа "Евразиатәи амилаҭтә еидгыла" иазыԥхьагәанаҭоит аԥсуа быргцәеи аҿари алархәны ҳаамҭазтәи ауаажәларраҿы аморалтә кодексқәа рылацәажәара иазку астол гьежь аиҿкаара.

Аԥсны агуманитартә проектқәа рыҿиара мҩаԥыслоит жәларбжьаратәи аҩаӡара рыманы. Аиҿкаара апланқәа ирыҵаркуеит Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара акультура аусхкаҟны аусеицура аиҵыхра.

Агуманитартә миссиа аусура алҵшәақәа ааԥшхьеит Гәылрыԥшь араион аҿы. Аҭыԥантәи ансамбль азы ирӡахит асценатә цәамаҭәа.

"Ҭыԥқәак рҿы иҳазҵаауан арҭ апроектқәа зегьы хәыда-ԥсадоума ҳәа. Аҽа тәылак аҿы ари аҩыза азҵаара ҳарымҭацызт. Уи исызцәырнагеит агәаанагара – Урыстәыла ак агнажьуеит агуманитартә диалог аганахьала ҳәа", - еиҭалҳәоит Полоскова.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы Вадим Чеха иазгәеиҭеит аусбарҭа шазыхиоу урыстәылатәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа аус рыцура.

Иара убас шәаԥхьа:

Ажәабжьқәа зегьы
0