Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә Шьамтәылаҟа ихынҳәит зықьҩык рҟынӡа ахҵәацәа, иааиԥмырҟьаӡакәантәи рынхарҭақәа уаҩ дахымлеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа - Ливаныи Иорданиеи рҟынтә Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1,1 нызқьҩык ахҵәацәа.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылатәи арабтә республикахь ихынҳәит 1122–ҩык ахҵәацәа: Ливанынтә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит 344-ҩык (аҳәса – 103, ахәыҷқәа – 175), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит 778-ҩык (аҳәса – 233, ахәыҷқәа – 397)", - аҳәоит адырраҭара.

Шьамтәылатәи ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь агьежьра иаҿуп

Анџьныртә бригадақәа аминақәеи иԥжәо амаҭәашьарқәеи рҟынтәи идрыцқьеит 2,6 гектар адгьылҵакыра аиланхарҭақәа Џьасим, Ель-Харра (апровинциа Дераа), Дума (апровинциа Дамаск) рҟны.

Иара убасгьы урыстәылатәи аган имҩаԥнагеит 2169 гуманитартә акциа. Шьамтәылаа ирзынашьҭын 3498,34 тонна афатәаалыҵ.

Шьамтәыла аиныршәара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа урыстәылатәи акомиссиа адыррақәа рыла ахҵәацәа рлагер Рукбан аанрыжьхьеит 17 000-ҩык ахҵәацәа. Уа зынӡа 50 000-ҩык ауааԥсыра ыҟоуп ҳәа ишьоуп, аха атеррористцәа ауаа мчыла иныркылоит.

Шьамтәыла аибашьра иалагеит 2011 шықәса рзы. Иахьазы ирылаҳәоуп атеррористә гәыԥ ИГ* ("Исламское государство") нырҵәоуп ҳәа.

Шықәсыбжак аҩнуҵҟа Шьамтәылаҟа ихынҳәит миллионбжак ауааԥсыра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0