Украина урыстәылатәи атанкер ааннакылеит

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина урыстәылатәи атанкер ааннакылеит
Украина урыстәылатәи атанкер ааннакылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина ашәарҭадаратә маҵзура урыстәылатәи атанкер Neyma ааннакылеит Керчтәи аӡыбжьахалахь украинатәи аӷбақәа ахьаҭаныжьлоз азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Украина ашәарҭадаратә маҵзура Одессатәи аобласт Измаил амшынбаӷәазаҿы урыстәылатәи атанкер Neyma ааннакылеит Керчтәи аӡыбжьахалахь украинатәи аӷбақәа ахьаҭаныжьлоз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абаӷәазахь аӷба NIKA SPIRIT ахьӡны иҭалеит ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы. Ашәарҭадаратә маҵзура, арратә прокуратура, аҳәаахьчаҩцәа аӷбаҿ агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, адокументқәа, аиҿцәажәарақәа рҭаҩра, аборттә журналқәа зегьы аҭҵааразы иргеит.

Крымский мост через Керченский пролив. - Sputnik Аҧсны
Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп

Аӷба ахаҭа аганахь ала арбаандаҩразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0