Урыстәыла аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы иреиҳаӡоу аҵараиура хәыда-ԥсадахар алшоит

© Sputnik / Анастасия Петракова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраастудентцәа
астудентцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҳәаа иаԥну араионқәа рҿы иреиҳаӡоу аҵараиура хәыда-ԥсадахар алшоит, аурыс бызшәала ицәажәо аҳәаанырцәуаа рзы аквотақәа ирзырҳахар алшоит ҳәа иалацәажәеит Аҳәынҭқарратә думаҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25– Sputnik. Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҳәаа иаԥну араионқәа рҿы иреиҳаӡоу аҵараиура хәыда-ԥсадахар алшоит, аурыс бызшәала ицәажәо аҳәаанырцәуаа рзы аквотақәа ирзырҳахар алшоит. Аҳәынҭқарратә думаҿы абри азҵаара инарҭбаан иалацәажәан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов иазиԥхьаӡоит арҭ арегионқәа рҿы аҵараҵара хәыда-ԥсадахар, ауаа аднаԥхьалоит ҳәа. Чернышов игәаанагарала аҵара ашьҭахь урҭ реиҳараҩык уа аусуразы иаанхар алшоит. Ари ус бзиоуп ихароу арегионқәа рҟынтәи аҿар рықәҵра аиԥҟьаразы.

"Зҵара хзыркәшаз реиҳараҩык рыҩныҟақәа ихынҳәуеит Урыстәылахь абзиабара ду рыманы. Ԥхьаҟагьы ауаажәларратә гәаанагара аиҿкаараҿы хра рыманы иҟалоит", - иҳәеит адепутат.

Чернышов абри ажәадгала изыҟаиҵеит Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Михаил Котиуков.

Ажәабжьқәа зегьы
0