Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапба: знык ашьхацара иашьцылаз ауаҩы уи ала дычмазаҩымхар илшом

© Foto / из архива Арифы Капба Аркади Қапба
 Аркади Қапба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыԥ ақыҭа анхаҩы Аркади Қапба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ашьха изныкымкәа ицахьоу уи иԥсы ахьынӡаҭоу уахь ихалоит ҳәа
Қапба: знык ашьхацара иашьцылаз ауаҩы, дычмазаҩымхар илшом

"Аԥсуа ахаангьы арахә ааӡара инапы алакын, шамахамзар зегьы зцомызт, аха ицозгьы рацәаҩын. Ауаҩы знык ашьхацара иашьцылаз, дычмазаҩымхар илшом. Уи иԥсы ҭанаҵы, асы анақәҵлак уахь аԥшра далагоит, аиаҵәара аныҟалалак уахь дыԥшуеит, дызшьхнымларгьы, игәы акы аланы иику-иишьҭуа имбо дҟалоит, саргьы убас сыҟоуп, исеиԥшугьы рацәаҩуп. Иара аҳаиуангьы ус иҟоуп. Аамҭа анааилак амҩа иангылоит, агәарҵра рҭахӡам, ус еснагь иҟан", - ҳәа иҳәеит Қапба.  

Қапба иажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны ашьха иаб дигеит, убри нахыс иԥсы изалымхуа иалахаӡеит. 

"Сара сабгьы есышықәса ашьха дцон, зны аԥсаса иман, зны ашьамаҟа иман, хымз-ԥшьымз ашьха ианырхыргозгьы ыҟан. Џьоукы ргәы иаанагозар ҟалап ашьха ицо ԥсшьара дцоит ҳәа, аха ус иҟам, арахә рбара аџьабаа ацуп. Исгәалашәоит, аԥхьа сара саб сигеит, жәашықәса раҟара схыҵуан. Шьапыла уцалароуп ҳәа саиҳәан, лабак насыркны сигеит. Убри нахыс ашьха бзиа избеит", - еиҭеиҳәеит Қапба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0