АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны алахәхараны иҟоуп "Апырпыл Жәларбжьаратәи афестиваль " ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ, Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресси "Алашареи" рнапхгаҩы иаппарат аиҳабы Кан Ҭаниа.
"Есышықәса афестиваль иаҭаауеит 150 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра – апырпылца абзиабаҩцәа. Ҵыԥх, Италиа ҳаҟазаараан афестиваль аиҿкааҩцәа руаӡәки ҳареи ҳаибадырит. Ҳара аԥсуа чыс ҳалацәажәо азааҭгылара аҳҭеит аԥсуа џьыка. Уи аинтерес анырк инарҭбааны ирзеиҭаҳҳәеит. Абри ашьҭахь дара афестиваль ҳалахәхарц ааԥхьара ҳарҭеит", - еиҭеиҳәоит иара.
Вито Гриттани (Италиеи Евроеидгылеи атәылақәа рҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ) аиҿкааратә усура мҩаԥигеит, Аԥсны астендгьы ашәҟәы иҭарҩит ҳәа иҳәоит Ҭаниа.
"Раԥхьаӡа акәны афестиваль ҳахьалахәу инамаданы ҳастенд ҳаҭыртә стендуп. Италиатәи асенат аҿы имҩаԥысит афестиваль аӡыргара. Ҳара уа ирылаҳарҵәеит Аԥсни аԥсуа џьыкеи ирызку аинформациатә шәҟәқәа", - иҳәеит иара.
Асеиԥш иҟоу афестивальқәа аҵак ду рыманы иҟоуп иҳәеит Кан Ҭаниа. Ацәыргақәҵаз аалыҵ аздырхиоит Великобританиа инхо Асҭамур Кәартааи Гәында Хиуитти рҭаацәара.
"Атауар европатәи ахаҭабзиара ишақәшәо азы асертификатқәа амоуп, астенд аҿы проблемада иӡыругар ҟалоит", - иҳәоит Ҭаниа.
Аԥсны афестиваль алахәра еиҿыркааит Италиеи Евроеидгылеи атәылақәа рҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатиатә хаҭарнакреи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ажәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырхыхуан
-
Апырпыл џьыка: ажәытә аҳаҟьаҿы ирхуази уажәтәии ргьама узеидкылома?