Сандро Цәеибеи швециатәи ашьапылампылтә клуби аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Анапаҵаҩра
Уаанӡа, ашьапылампыласыҩ Сандро Цәеиба воронежтәи аклуб "Факел" аҿы дыхәмаруан.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Сандро Цәеибеи швециатәи ашьапылампылтә клуб Athletic Eskilstuna аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит ашьапылампыласыҩ иагент Ҭемур Хынҭәба.

Хынҭәба иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭра хышықәса ҿҳәараны иамоуп.

"Сандро изы ари даара акрызҵазкуа хҭысуп. Раԥхьатәи шьаҿоуп. Ԥхьаҟа ихымҩаԥгашьа иахьыԥшуеит испорттә лахьынҵагьы", - иҳәеит иара.

Сандро Цәеиба – шьҭрала иаԥснытәиу урыстәылатә шьапылампыласҩуп. 27 шықәса ихыҵуеит. Ашьапылампыласра ахы икит москватәи аклуб "Динамо" ахәыҷтәы школ аҿы. 2000 – 2013шш. рзы –"Локомотив" аҿартә команда далахәын. 2013 питертәи аклуб "Русь" ахь диасит. 2014 шықәса рзы диасит хабаровстәи аклуб "СКА-Энергия" ахь. Иара убри ашықәс азы, аԥхынраз венгериатәи аклуби "Уйлешти" иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. 2015 шықәса рзы Сандро диасуеит хорватиатәи аклуб "Осиек" ахь.

Athletic Football Club Eskilstuna – швециатәи ақалақь Ескильстун ашьапылампылтә клуб, 1991 шықәса рзы ишьаҭаркын. Аклуб Швециа Иреиҳаӡоу алигаҿ ихәмаруеит.

Аҩныҵҟатә хәмаррақәа сҩаԥнагоит астадион "Тунаваллен" аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0