Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵнариа азыҟаҵаҩ Родион Аҩӡба изы: еиԥш зеиԥшу аԥсуаа маҷхеит иахьа

© Foto / из архива Геннадия ЦвинарияГеннадий Цвинария
Геннадий Цвинария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азыҟаҵаҩ Радион Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аҟәатәи ашьапылымпылтә клуб "Нарҭ" ахада Геннади Ҵнариа.
Ҵнариа азыҟаҵаҩ Родион Аҩӡба изы: еиԥш зеиԥшу аԥсуаа маҷхеит иахьа

63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, ашьапылымпылтә клуб "Нарҭ" ахәыҷтәы гәыԥқәа азыҟазҵоз Родион Аҩӡба.

Родион Аҩӡба ахәыҷтәы шьапылымпылтә гәыԥқәа хәба ауижьхьан, иааӡамҭацәа Урыстәылагьы еиуеиԥшым акомандақәа рҟны ихәмаруеит ҳәа азгәеиҭеит Ҵнариа.

"Аиаша сҳәоит,  иара еиԥш аԥсуаа маҷхеит иахьа. Ацәгьара ихахьы инеигомызт, аиаша дашьҭан,  пату зқәыз уаҩын. Аҿар иааӡаз  иԥсҭазаара иалҵра гәалсра дула ирыдыркылеит, ауаҩы бзиа дҳацәцеит", - иҳәеит Ҵнариа.

Родион Аҩӡба Ешыра ақыҭан диит 1957 шықәсазы. 1978 шықәсазы Аҟәатәи апедогогикатә институт абҩарҵәыра аҟәша далгеит. 1997 шықәса инаркны ашьапылымпылтә клуб "Нарҭ" ахәмарыҩцәа азыҟаиҵон. 2003 шықәсазы аклуб ахәыҷтәы командақәа разыҟаҵара далагеит.

Ԥхынгәы 29 рзы Родион Аҩӡба игәамбзиара иахҟьаны Краснодартәи ахәшәтәырҭаҟны дԥыраҟараны иҟан, аха уи аԥхьа ҽнак шыбжьаз иԥсҭазаара далҵит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0