Аҟәа, ԥхынгәы 31 – Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Атеатр аҟны иаартыз акаҳуажәырҭа рхиоуп атеатр иашьашәалоу агьама ала. Ауада ҭзырҭәаауа аишәа хәыҷқәа ирықәыршәуп аҷых аԥшшәы змоу астолқәыршәқәа, иқәгылоуп ашәҭ хәыҷқәа. Ана-ара игылоуп итатоу аҟәардәқәагьы. Алашара ауаҩы ибла хнамкцәартә иҭаауп. Агәҭахьшәа игылоуп апианино. Аартраҿы ари амузыкатә рҳәага ала Чепелиански икомпозициа наигӡон апианист қәыԥш Барас Кәыџьба.
Акаҳуажәырҭа аартрахь имҩахыҵит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, уи лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, атеатр аусзуҩцәеи актиорцәеи.
Еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсуа драматә театр анапхгаҩы Нодар Ҷанба иазгәеиҭеит акаҳуажәырҭа аартра аидеиа цәырҵижьҭеи шықәсык аҟара шыҵуа.
"Акаҳуажәырҭа аартра иаанаго аӡәы амла дакуеит ҳәа акәӡам. Атеатр акультураҿы аспектакльқәа рықәыргылара адагьы, ихымԥадатәиуп иахьа иааҳартуа ауада аиԥш зеиԥшу аҿыц аԥшьгарақәагьы рзааҭгылара. Ара еизало ауаа ироуеит аҭагылазаашьа ҭынч аицәажәаразы, агәаанагарақәа реимдаразы. Иҟалоит ара иир иссиру аидеиақәа", - иҳәеит иара.
Нодар Ҷанба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы атеатр аҩнуҵҟа аиҿкаара ҿыцқәа маҷымкәа иаԥҵоуп. Аус ауеит асалон "Витраж", иаԥҵоуп ахәыҷтәы студиа, хыхәҭакны иқәыргылоуп апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа". Нодар Ҷанба ицәажәара ахыркәшамҭаз нанҳәамза 13 рзы атеатр аҟны имҩаԥгахо аконцерттә зал ҿыц аартрахь зегьы ааԥхьара риҭеит.
Акаҳуажәырҭа аҭӡамцқәа макьаназы иҭацәуп, аха иаарласны уа икнаҳахоит аҿыханҵатә сахьақәа. Иара убас, еиуеиԥшым акультуратә хәылԥазқәа реиҿкааразы акаҳуажәырҭа иаиуеит ахатәы сцена маҷ.
Аҭааҩцәа ирыдгалахо ачыс хкқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа милаҭтә чысгьы. Урҭ рыхәԥса макьана инагӡаны ишьақәыргылаӡам, аха атеатр администратор лажәақәа рыла, урҭ ҳаракхаӡом.
Аҵыхәтәан акаҳуажәырҭра аартра иаҭааз ирыман алшара ачыс хкынца иалоу ачысхкқәа ргьама абаразы.