Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Туӷәышь: ацха адунеи аҟны зегь раасҭа ибжьырхуа фатә хкуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Тугуш
Даур Тугуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныцха" аиҳабы Даур Туӷәышь арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит адунеи аҟны зегь раасҭа иԥаршеиу, ибжьырхуа афатә хкқәа рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу ацха.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Тугуш ацха ахаҭабзиара иазкны

"Адунеи аҟны ачаи, ацха зегь раасҭа афальсификат злырхуа роуп. Ирацәаҩуп ишакәым ацха иазныҟәо. Уаанӡа еиҳарак ашьақар ршны аӡи иареи еиларҭәон. Уажәы еиуеиԥшым акомпонентқәа ирылырхуеит, еиҳарак Китаиаа иҭрыжьуеит. Уи наганы ацха иаларҵоит. Иаҳҳәап, хә-кьылак ацха цқьа 30-50 кьыла рҟынӡа адыргалар ҟалоит. Ашьақар рацәа ианакәызаалак ауаҩы иԥырхагоуп. Иахьа ацха зларҵәахуа амаҭәарқәа иананымаало ыҟоуп, уажәшьҭа иажәхьеит алиумини иалху. Зегь раасҭа еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡоу ацха асаркьа, мамзар амҿы иалху ачысмаҭәаҟны иуҵәахуазар", - иҳәеит Туӷәышь.

Иара иазгәеиҭеит ацха аҿҳәара шамоу, ауаҩы иаҳа игәабзиара ианазеиӷьу. Акыр аамҭа игылоу ацха ахаҭабзиара лаҟәуеит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0