Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берзениа: Аԥсны иҟоуп аҭаацәарақәа, зхәыҷқәа рзы аҩыгаҵәҟьа ззаамхәо

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Берзениа
Валери Берзениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист Валери Берзениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит цәыббра 1 аламҭалаз ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рзы еиҿкаау акциа атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Берзениа ашколхәыҷқәа ирзырхоу акциазы

"Иҟоуп аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы аҩыгаҵәҟьа ззаамхәо. Апроект анагӡараҿы иҳацхааруеит аволонтиорцәа. Дара ақыҭақәа ирылаланы аҭаацәарақәа ҭырҵаауеит. Араион анапхгаҩцәа алархәны асиақәа еиқәдыршәоит. Ахәыҷқәа 42 школ рахь рышьҭра азгәаҭоуп. Ахәыҷқәа актәи акласс инаркны 11 рҟны итәоу рҟынӡа ацхыраара рыҭахоит, шәҵатәылеи ашколтә маҭәахәқәеи рыла. Апроект уажәоуп аусура ианалага аҟнытә, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара макьана ишьақәыргылан иҳамам, аха ашкол аамҭа ааиаанӡа мызкы ауп иаанхаз аҟнытә, уажәы ишалшо ала аӡыргара ҳаҿуп, ахәыҷқәа ацхыраара раҳҭарц еиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Берзениа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0