Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа Аԥсны радԥхьаларазы иаԥшьгоу апроект ҿыц атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАзамат Багателия
Азамат Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорт Пицунда аофициалтә хаҭарнак Азамаҭ Багаҭелиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа Аԥсны радԥхьаларазы еиҿкаау аицлабра ҿыц атәы.
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа Аԥсны радԥхьаларазы иаԥшьгоу апроект ҿыц атәы

"Жәларбжьаратәи проектуп "Акарта жәытә ала асас ҿыц" ҳәа. Хықәкыс иҳамоуп аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа радԥхьалара, мамзаргьы ҳтәыла  иаҭаахьаз ҩаԥхьа иаҳҭаартә аҟаҵара. Дара ҳсаит аҟны ирыдҳәалоу адыррақәа, ҳаҽзларымаҳдаша уҳәа  аанрыжьуеит, аҵыхәтәантәи 18-20 шықәса ирылагӡаны Пицунда  иҭырххьоу рфото   ҳзаарышьҭыр ауеит. Акурорт Пицунда, убасгьы Спутники Аквафони рхаҭарнакцәа, атуризм аминистрра аусзуҩцәа алархәны урҭ рҭоурыхқәа гәаҭаны иалҳхуеит, иалҳкаауеит. Апроект шьҭа жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу акәны иҟалеит. Мызкы-ҩымз ирылагӡаны игәаҳҭоит шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа рхы аладырхәыз, аинформациа аанрыжьыз, аихшьаалақәа ҟаҳҵоит цәыббра-жьҭаара амзақәа рзы", - иҳәеит Багаҭелиа. 

"Акарта жәытә ала асас ҿыц"- Жәларбжьаратәи проектуп. Уи еицымҩаԥыргоит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи амобилтә еимадара "Аҟәафони". Уи зхы алазырхәыр зҭаху акурорт Пицунда аофициалтә даҟьаҟны адырра иоуеит.

Аинофрмациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект "Новый гость по старой карте"("Акарта жәытә ала асас ҿыц"- аред.) иазку адырра ҟанаҵалоит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0