Новоросииск иҟалаз амҩатә машәыр аԥсыҭбарақәа ацуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраацхыраара ласы
ацхыраара ласы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла амашьынақәа рыԥсҟы зкыз ауаа арыжәтә ыжәны иҟамызт.

АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Автомҩа "Новороссийск — Керченский пролив" 16-тәи акилометр аҿы автомобил Volkswagen Touareg автобус Hyundai еиҿасит. Абри ашьҭахь амашьынақәа рыҩбагьы 30 метра иҟаз аҿҟьарраҟынтә икаҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амашьынақәа рыҩбагьы 47-ҩык ауаа рҭан. Амашьынахәыҷ иҭаз хҩык ауаа ҭахеит, 44-ҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Урҭ рҟынтәи 13-ҩык аоперациақәа рызууп. Хәҩыуаак рҭагылазаашьа шәарҭоуп.

Анапа инхо Валери Ворошилов иҟалах ахҭыс авидео ианиҵеит.

"Ари амҩахәҭа енагь ишәарҭаны ишьоуп. Амашьынақәа рацәоуп. Ирацәоуп афура дуқәа, аиҳарак аԥхын", - иҳәоит иара.

Аекскурсиатә автобус аԥсшьарҭа "Эллада" (Анапа) иатәын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0