Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еныкь: аԥхын аамҭазы ахәыҷы аҽазыҟаҵарахь ишьҭра иашам

© Sputnik / Томас ТхайцукГәында Еныкь
Гәында Еныкь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изхымԥадитәиузеи ахәыҷқәа рзы ақыҭа лагерқәа раартра? Аԥсшьара изалыхәдааузеи ақыҭа хәыҷқәа, насгьы абызшәа аҿиареи ақыҭа лагерқәеи шԥеидҳәалоу? Абри азы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы лгәаанагара лҳәеит Џьырхәатәи аԥхынтәи алагер ахада Гәында Еныкь.
Коӷониапҳа лымҩаду: Еныкь ахәыҷқәа аԥхынтәи рыԥсшьаарамҭа иазкны

"Аҵараҵара, хымԥада, раԥхьа игылоуп, аха ахәыҷқәа ирзеиҿкаатәуп аԥсшьарагьы – аиҿцәажәарақәа, аныҟәарақәа, аиҭанеиааира уҳәа. Ахәыҷкәа анаурышьҭуа аҵара иацҵаны аҽазыҟаҵарақәа рахь рышьҭра иашаӡам. Уи аасҭа алагер ахь ишьҭра иаҳа сазыразуп. Раионцыԥхьаӡа еиҿкаазароуп ахәыҷқәа рзы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, еиҳарак ақыҭаҿы. Ақалақь аҿы иара усгьы уибаша ыҟоуп, убри аҟнытә ақалақь хәыҷқәа ақыҭахь ишьҭтәуп. Уаҟоуп аԥсшәагьы ибзиан иахьраҳауа, аҵара-ааӡара иадҳәалоу азҵаарақәа лабҿаба иахьдеилыркаахо", - ҳәа азгәалҭеит Еныкьԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0