Хра злоу ахҭысқәа: Џьугьелиа Кәырбан-ныҳәа иазкны
"Кәырбан-ныҳәа аҽны асааҭ жәба рзы ашьыжь анамаз ныҳәа мҩаԥаагоит. Уи ашьҭахь доусы икәырбан иқәу иқәихуеит. Доусы иара илшо ала, алшара имамзар гәыбӷангьы имам. Ҭаацәак рҟынтә ма ацә ма ажә ԥсаҭас иҟарҵазар, быжь-ҩык алахәып ҳәа иԥхьаӡоуп. Быжь-ҩык иааилаԥсаны аԥсаҭатә наргар ҟалоит, рҭаацәа уахь иаҵанакуеит. Ԥсаҭатәыс аӡыс, ауасагьы ҟалоит. Ихадоу, зегьы лабҿаба иубаша агра рымамзароуп. Аԥсаҭатә ахьушьуа аҭыԥ ҵакы амаӡам, иахьабалак иҟалоит, Ҳазшаз уиашьапкыр хьабалак ишыҟало еиԥш. Акәац ишаԥу еиԥш х-хәҭакны иушоит: хәҭак уҭаацәа рзы, аҩбатәи асасцәа рзы, ахԥатәи ахәҭа измам ирызшахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьугьелиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.