Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыргәылиа еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭаҟны акомпиутертә томограф шеиҭашьақәыргылоу

© SputnikАполлон Гәыргәылиа
Аполлон Гәыргәылиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәылиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит мызқәак раахыс аус зымуаз акомпиутертә томограф ҩаԥхьа еиҭашьақәыргылоуп ҳәа.
Гәыргәылиа еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭаҟны акомпиутертә томограф шеиҭашьақәыргылоу

"Акомпиутертә томограф ықәдыргылеит 2011 шықәсазы, уаанӡагьы шықәсык аҟара ахыҵуан. Ақәра 10 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Ас еиԥш аппарат асервистә хылаԥшра аҭахуп шықәсык ахь знык-ҩынтә. Аха ҳара ус еиԥш аҭагылазаашьа аҭыԥ аҟны иҳамаӡам, Урыстәылантәи иааҳгоит аҟазацәа. Дара акт шьақәыргыланы Германиантәи иагу ахәҭақәа ааргоит. Ҩышықәса ирылагӡаны ԥшьынтә аремонт ҟаҳҵахьеит. Уи аамҭа аҭахуп. Ҩба-хԥа мзы аус ауӡомызт, уажәшьҭа аусура иалагеит", - иҳәеит Гәыргәылиа.

Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш акомпиутертә томографқәа даҽа ҩба Гагреи Агәыӡереи ишыҟоу, аха ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны иҟоу иаҳа алшарақәа еиҳауп ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0