Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба игәалаиршәеит Аԥсны аибашьра раԥхьатәи амш

© Sputnik Валерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла архәҭақәа Егры аҳәаа иахысны Аԥсны ишалалаз атәы адырра шиоуз, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит усҟантәи аамҭаз Аԥсны аҳәынҭқарратә мчрақәа Иреиҳаӡоу ахеилакқәа ршәарҭадаратә маҵзура иахагылаз Витали Бганба.
Бганба игәалаиршәеит Аԥсны аибашьра раԥхьатәи амш

"Аибашьра ианалагоз аҽны Аҟәа ҳаҟан. Есышьыжь еиԥш Владислав Арӡынба аусурахь иаагара ҳцон. Аҭынчра амҩаду ианыршәлан ҳашнеиуаз саԥхьа игылан ицон амашьына, сцәа акы аалашәеит, знык-ҩынтә исарҳәахьан ишәышьклаԥшуеит ҳәа. Саныԥшы избеит уи амашьына иҭатәаз абџьаргьы шыркыз, ажәаҩатәи ашкол ҳаназааигәаха сааиҿаҵәыҩны амашьына ныскылеит. Санааҭыҵ издыруаз, усҟантәи аамҭаз аҩныҵҟатәи аусқәа рҿы аус зуаз Хораа зыжәлаз ахаҵа автомат кны амашьына дааҭыҵит. Егьырҭ амашьына аҩныҵҟа иаанхеит, аха ақырҭшәала ишеицәажәоз саҳаит. Хорааи сареи ҳаиҿаххит ажәақәа еимакны, "уаала Гәымсҭа ацҳаҿы еиҭа иузыԥшуп" ҳәа ианиасҳәа, "мап уахь акәым ҳахьцо" ҳәа иҳәан ҳааиԥырҵит. Анаҩс, излеилаҳкааз ала амашьына ҳԥыларц ицон, Владислав Арӡынба иԥа данааҳгоз дыршьырцаз, ма дыҭҟәаны дыргарцаз. Ашьҭахь иаҳдырит иара уи амашьына ишҭатәаз Сосо Ахалаиа, Рамзик Рухаӡе. Дара ҳаиԥырҵра ашьҭахь игьежьны ишцоз Маҷарка, аполк аҟынтә аҷкәынцәа иаауаз ршьит", - ҳәа игәалаиршәоит Бганба. 

Бганба еиҭеиҳәеит аибашьра ишалагаз азы ажәабжь шраҳаз.

"Владислав Арӡынба Ешырантә даашьҭыхны Аҟәаҟа ҳдәықәлеит, уи аҽны Иреиҳаӡоу асовет аилатәара мҩаԥысран иҟан, Ауараш азауад ааигәара ҳааиуан еиԥш Сергеи Багаԥшь дасны иҳаиҳәеит ақырҭҵәа аҳәаа ишахысыз атәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0