ГАГРА, нанҳәа 20- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра ақалақь амшын аԥшаҳәаҟны официалла иаартын агәашьа ҿыц.
Апроект ашьақәыргылаҩцәа, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит агәашьа даҽа культуратә-архитектуратә хыбраны ишыҟалаз. "Уахынлатәи Гагра" захьӡу аекскурсиатә маршуртгьы ишалагалахо.
"Ҳара Терешкова лымҩаҟны инхо ҳауп. Ҳааигәара агәашьа ҿыц ргылахоит ҳәа анҳаҳа, иҳазхаҵомызт. Есыуаха амшын аԥшаҳәахьы ҳнеины, аусуцәа азҵаарақәа раҳҭон, ргәы ԥаҳҵәахьан "ианбахшәырқәшо" ҳәа. Иахьа ҳхәыҷқәеи ҳареи ари ахҭыс ҳаигәырӷьоит. Агәыӷра ааҳарԥшуеит иҵегь Гагра ақалақь зырԥшӡо аобиектқәа ҟалап ҳәа", - азгәарҭеит аигәылацәа.
Архитектуратә еиҿкаара шьақәгылоуп 540 ԥшьыркца метр ичаԥоу ахаҳә аҿы. Быжь-метрак аура змоу, жәеиза шьаҟа еихшаны, анеирҭақәа зыбжьоу, агәҭаны абырлаш зҭоу ҩметракынӡа ихагьежьаау амыдаӷьцәа ала. Аобиект акәша-мыкәша иқәуп ахаҳә, инагоуп алашарбагақәа, еиҭаҳауп аиаҵәара.
Агәашьа аартын аконцерттә программа маҷ ала. Ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа Инесса Григолиаԥҳаи, Леон Сыҷынааи аҭааҩцәа дырлахҿыхит рыбжьы хаа ала. Амцабз зхылҵуаз Кавказ акәашарақәа рыла, асасцәа хырхит Гагратәи ахәыҷтәы-ақәыԥштә акәашаратә ансамбль "Афырҭын" ахкынагӡаҩцәа.
Архитектуратә еиҿкаара баша рԥшӡагатә хыбрам, уи асимволтә ҵакы амоуп.
"Фшьаҟак асимволра рзыруеит-ақьиара, аидгылара, анасыԥ, ақәҿиара, аҳәоуеиқәшәара, аамсҭашәара. Аҩнуҵҟатәи ашьаҟақәа хәба ҵакыс ирымоуп ауаҩы адунеи дықәнагалеижьҭеи иԥсҭазааратә мҩаҿы анцәа иаҭәеишьаз хәцәаныррак-агьама, афҩы, алаԥықәшәа иоуа, ибо, иаҳауа дахьыҟоу. Иааизакны жәеиза шьаҟа адин-қьабзтә ҵакы змоу, амра жәеиза шықәсатәи аикәшара, уи адгьыл анырра ӷәӷәа шанаҭо иадыргоуп. Амыдаӷьцәа акәзар-ақалақьи уи анхацәеи асасцәеи рзы аманшәалареи, аҭышәынтәалареи, амали рзаазго символуп", - ҳәа лҳәеит Гагра ақалақь акультура аҩны аиҳабы Оксана Гьерхьелиаԥҳа.
Аобиект ргылоуп Гагра араион Ахадара амчала, атәыла анапхгара адгыларала. Иақәхарџьын 18 миллион мааҭ.