40 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых

© Foto / предоставлено Ланой ЦааваГрышьа Ҭарбеи Маница Ҳаџьымԥҳаи рҭаацәара иахьатәи рыԥсҭазаашьа
Грышьа Ҭарбеи Маница Ҳаџьымԥҳаи рҭаацәара иахьатәи рыԥсҭазаашьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1980 шықәсазы Асовет Еидгылаҟны зегьы иреиҳау ҳәа иԥхьаӡаз Грышьа Ҭарбеи Маница Ҳаџьымԥҳаи рҭаацәара иахьатәи рыԥсҭазаашьа атәы шәаԥхьа Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҟны.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Анду лирамш аҽны

Иаҳхысыз ашәышықәсазы Аԥсны ирацәан ахшара рацәа змаз аҭаацәарақәа. Иахьа аибадырра хадаратәла ҳаамҭазтәи ахархәагақәа рыбзоурала имҩаԥысуазар, усҟан уала-ҭахыла акәын аҭаацәарақәа шаԥырҵоз. Арҭ ажәытә ҵасқәа ирықәныҟәаны еибагаз, Очамчыра араион Мықә ақыҭан инхоз Грышьа Ҭарбеи Маница Ҳаџьымԥҳаи 14-ҩык ахшара рааӡеит. Ахшара рацәа рыдагьы, ари аҭаацәара ду кырӡа аинтерес зҵоу даҽа ҭоурыхкгьы амоуп.

Ашәаа ргәараҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

1981 шықәсазы Қырҭтәылатәи ССР иҭнажьит 1921 шықәса раахыс ареспублика акәакьқәа зегьы рҟны еизгаз афотоматериал еидызкылаз ашәҟә ду. Ари ашәҟәы иагәылалаз Аԥснытәи аҭыхымҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан ақырҭуа газеҭ "Заря Востока" афотокорреспондент Чохонелиӡе 1979 шықәсазы Мықә ақыҭан иҭихыз Ҭараа рҭаацәара ду афотосахьагьы. Иара еиднакылеит 45-ҩык Ҭараа рыиашьара ахаҭарнакцәа.

"Ҳан Маница лызхара акры уны дыԥсит ҳәа сгәы иаанагаӡом, лыԥсҭазаара зегьы џьабаала иҭәын. Ааԥсара зынӡаск лымԥын иаалышьҭуамызт, ҳаргьы ҳалахь еиқәны ҳалбар иаразнак авба ҳалҭон. Анхара цәгьала ибзианы илыцааиуан, ашықәси ашықәси рыбжьара хышә кәты лааӡон. Лара иалкааны лышықәсира лыздыруамызт, асду аныҟаз сиит ҳәа акәын ишылҳәоз. 1979 шықәсазы, аԥхынра Валери захьӡыз ҳашьцәа руаӡәы иӡбеит ҳҭаацәара ду зегьы еизганы лымш ира еицазгәаҳҭарц. Аҽны ауп ианҭаҳхыз гәаларшәагас иаҳзынхаз афотогьы", - илгәалалыршәоит Рима Ҭарԥҳа.

© Sputnik / Акоп Кущян30 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых
40 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых - Sputnik Аҧсны
30 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых

1981 шықәсазы иҭыҵит Ҭараа рзеиԥш фото згәылалаз ашәҟәы. Уи ашьҭахь ари аҩнаҭа ду еиҳа-еиҳа аҳәаақәа арҭбаауан, аиҳәшьцәеи аишьцәеи досу иаԥырҵон рхатә ҭаацәарақәа. 1992 шықәсазы иҟалаз Аџьынџьтәылатә еибашьра, егьырҭ аԥсуа ҭаацәарақәа рҟнеиԥш, Ҭараа рыҩнаҭа дугьы ацәыӡ азаанагеит. Иԥсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит Валери имаҳә Даур Кәарҷелиа.

Абиԥарақәа еимырдаларц

Рима лԥа Лаша Цаава азеиԥш фото аҟны иҟаз зегьы дреиҵбын, шықәсыки мызки ракәын ихыҵуаз. Рима излалгәалалыршәо ала Лаша хәыҷы раԥхьатәи ишьаҿақәа аныҟаиҵаз иара уи аҽноуп. Сынтәа, август анҵәамҭазы Лаша 41 шықәса дырҭысуеит. Иара дҭаацәароуп, димоуп ианду лгәалашәара аҳаҭыр азы Маница ҳәа зыхьӡиҵаз аԥҳа хәыҷы. Лара лоуп ари аҭаацәара ду сынтәа дырҩегь еизаны еицҭырхыз афотоҭыхымҭаҿы зегьы иреиҵбу. 30 шықәса раԥхьа Ҭараа рҭаацәара 45-ҩык ахаҭарнакцәа еизазар, зынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 140-ҩык рҟынӡа иазҳаит. Афото ҭихит Денис Аҩӡба.

семья Чуаз - Sputnik Аҧсны
"Нануи дадуи рхәышҭаара": амоҭацәа ирыгәҭылаку Чуазаа рҭаацәара аҭоурых

"Аҟәатәи сыҩны ҳхатәы штаб-квартира ҳәа ҳашьҭоуп, лассы-лассы ара ҳаизалалоит. Насгьы ҳара ахаангьы еилаҳхӡом аб иашьа иԥа, мамзаргьы ан лашьа иԥа ҳәа. Ҳаззегьы агәакьацәа реиԥш ҳаизыҟоуп. Ииашоуп, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаззегьы уск-уск ҳарҿуп, ирацәаҩуп Аԥсны анҭыҵгьы иҟоу. Аха ишакәхалакгьы, ҳара есышықәса ҳабду игәараҭаҿы ҳаизоит, зегьы ианреиҵаха 50-ҩык аҭаацәара ахаҭарнакцәа" - иҳаилиркаауеит Лаша Цаава.

Ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Жәлар реизара актәи ааԥхьара адепутат Давид Ԥилиа 40 шықәса инареиҳаны ари аҭаацәара ду далахәуп. Иара еиҭеиҳәеит иԥшәма Русико Ҭарԥҳаи иареи реибадырра шыҟалаз, насгьы ианхәа раԥхьатәи амш азы дышлыдылкылаз аҭоурых.

"1977 шықәсазы сара сыстудентын, Москва аҵара сҭан, раԥхьаӡакәны сыԥшәма лҭаацәараҿы санаа. Сабхәагьы аҵара змаз уаҩын, ихшара ибзианы дырзыҟан, ҳәара аҭахума. Аха ан лџьабаа, егьаумҳәан, даҽа усуп. Акыс 14-ҩык ахшара ахьыҟаз аҭаацәара ду аҟны ԥхәыс заҵәык лхала даныҟоу, ухаҿы аагара цәгьоуп урҭ рааӡара иацыз аџьабаа. Лара еснагь лхәыҷқәа ирылалааӡон аиҳабацәа пату рықәҵара, ражәа азыӡырҩра. Лара лыбзоурала аҭаацәараҿы амч ӷәӷәан ахаҵа икульт, избан акәзар ахшаз зегьы раб иазымҵаакәа, игәаанагара еилырымкаакәа шьаҿак ҟарҵаӡомызт. Насгьы хаҵеи ԥҳәыси анхара ду рыман, шьыжьи-хәылбыҽхеи аҩны иҩнаргалоз ахш қәаб дуӡӡак иазкӡомызт. Аҵәарҩа, аҳарҩа, алаҳарҩа, ажьҵаа уҳәа, аӡынхәы ҳәа иҭалымҵәахуаз акы ыҟазма. Ҳәарас иаҭахузеи, асас ихәгьы еснагь хазы иҭаҵәахын, избан акәзар ари аҩнаҭа анеиааи ахаан иагмызт. Зны заҵәык ани аби рыбжьы рдуны еиқәҿырҭуа смаҳаӡеит, ражәа еснагь ираӡан. Ажәакала, сара ари аҩнаҭаҿы акультура ду исбаз сыԥсы ахьынӡаҭо иџьасшьалоит" - игәалаиршәоит Давид Ԥилиа.

Аҭаацәара ду аҟны ихадоу

Иара убас амаҳә еиҭеиҳәеит аԥсыӡкра иахылҿиааз хҭыск. Иара излеиҳәаз ала дхәыҷаахыс аԥсыӡкра бзиа ибон аҟнытә, ҽнак акалам иманы аӡахьы дцарц игәы ишҭаз ианхәа дылбазаап. Дахьцоз анеилылкаа лара илгәамԥхаӡеит, избан акәзар аԥсыӡкҩы аӡлагарахьча иеиԥш пату иқәӡам ҳәа илыԥхьаӡон. Аха ахәламҭаз лымаҳә илзааигаз аԥсыӡқәа ргьама анылба, анхәа лажәа шьҭахьҟа илырхынҳәит.

"Цәгьала алафҳәара лыцааиуан, иаразнак арԥшӡашьа лҽақәлыршәеит", - иҳәоит Ԥилиа.

Молодожены - Sputnik Аҧсны
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Иажәабжь хыркәшо, иара иазгәеиҭеит аҭаацәара ду аҟны адемократиа апринципқәа аҳра рулар шахәҭоу. Уи аамҭазы ауада иҩналаз иԥшәма ԥҳәыс иара диқәшаҳаҭымхеит, иагьиаҭалкит адиктатура ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа ҳәаны. "Сыԥшәма ԥҳәыс д-Ҭарԥҳауп. Уи азымхаӡакәа, аҭаацәараҿы 13-тәи хшароуп" - даҵамхаӡакәа даалафит иаргьы.

Аиаҳәшьцәа ааҩыки фҩык аишьцәеи рыҟнытә иахьа иҟоуп фҩык аиаҳәшьцәеи иашьаки. Урҭ рҟынтәи ԥыҭҩык амаҭацәа рыхҭылҵқәагьы рбахьеит. Зыдунеи зыԥсахыз ракәзаргьы, ирҭынхеит аџьџьаҳәа еиҵагылахьоу ахшара. Дара-дара реицәажәашьа, реихҵгылашьа, рпатуеиқәҵара иудырҟаҵоит алкаа: ари аҭаацәараҿы иахьагьы иахӡыӡаауеит ажәытә ҵасқәеи ақьабзқәеи рыла ишьақәгылахьоу аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа.

© Foto / предоставлено Ланой Цаава30 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых
40 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых - Sputnik Аҧсны
30 шықәса рышьҭахь: Ҭараа рҭаацәара еидызкылаз афотоҭыхымҭа аҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0