Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лакашьиа таитәи абокс азы: сыԥсҭазаара зегьы аспорт иадысҳәаларц сҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Лакашия
Астамур Лакашия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи атаибоксиорцәа Краснодар атәылаҿацә Ахраҿазы аиааира згаз аспортсменцәа руаӡәк Асҭамыр Лакашьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аспорт ахь дышнеизи, иаԥхьаҟа гәҭакқәас имоу ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лакашьиа таитәи абокс иазкны

"Уажәы сара 18 шықәса сырҭоуп. Ажәбатәи акласс нахыс ашкол аансыжьит. Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы аҵара сҵон. Уажәы Ҭемраз Гьергьедаа иҿы сҽазыҟасҵоит. Жәамз ҵуеит таитәи абокс сҽазыҟасҵоижьҭеи. Уаанӡа акарате салан. Краснодар имҩаԥысуаз краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿа агаразы аицлабрақәа са сзы аԥсны анҭыҵтәи ахԥатәи аиқәԥара акәын, уа еиԥыларак ауп исымаз. Уаанӡа Анапеи Лазаревски сықәгылахьан. Сыԥсҭазаара зегьы аспорт иадысҳәалар сҭахуп, уажәазы Урыстәыла сачемпионхарц сҭахуп, аха уи азы еиҳагьы сҽазыҟасҵалароуп, аиааирақәа рацәаны изгароуп". – ҳәа азгәеиҭеит Лакашьиа.  

Ҳтәыла анҭыҵ аиԥыларақәа рҿы Аԥсны ахьӡала ақәгылара азин сымоуп, азгәеиҭеит Лакашьиа аиҿцәажәараҿы.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0