Ажәытә бааш хыжәжәара: археологцәа иҭырҵааит Аԥсуа Баагәара ду даҽа хәҭак

© Sputnik / Акоп КущянЧасть абхазской стены в селе Отап
Часть абхазской стены в селе Отап - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археолоцәа иҭырҵааит Аԥсуа (Кьалашәыртәи) Баагәара ду иаҵанакуа абаҟақәа ақыҭақәа Хьацҳаи Махә иџьреи рҟны.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара знапы алаку археологцәа иҭырҵааит Гал араион ақыҭақәа Хьацҳаи Махә иџьреи ирыҵаркуа абаҟақәа ҩба, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Шандор Ҟаитан.

"Ҳара ҳапроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭаҳҵааит абаҟақәа рацәаны. Уажәы ақыҭа Хьацҳа ангәаҳҭоз, иҳаԥшааит даҽа баҟакгьы. Уа иҟоу аҭӡы аура 300 метра инаӡоит. Ахаҳә ачаԥашьа Аԥсуа Баагәара ду ачаԥашьа иеиԥшуп", - иҳәеит иара.

Аҳ ибааш - Sputnik Аҧсны
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп

Ақыҭа Махә иџьра иахьаҵанакуа иҭырҵааит аҭыԥантәи ауааԥсыра "абаажә" ҳәа изышьҭоу абаҟа. Археологцәа ахаҳә ачаԥашьеи ааигәасигәа ирԥшааз артефактқәеи рыла ишьақәдыргылеит уи Аԥсуа Баагәара ду ахь ишаҵанакуа.

Шандор Ҟаитан иажәақәа рыла, уажәы ари абаҟа ақәӡӡаара амҩа иануп.

"Абааш гылан иахьыҳаракыроу аҭыԥ аҿы, аха асовет аамҭазы ари аҭыԥ аҟны излагаз аӡеизгарҭа иахҟьаны адгьыл ҳәазо иалагеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра излаҳзеиҭарҳәаз ала, аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы идуу аҭӡы ахәҭақәак кыдԥыҽҽны аҳаракыраҟынтәи атыша ду иҭаҳаит. Альпинистцәа рмыругақәа ҳхы иархәаны ҵаҟа ҳлыбааны аилаҳарақәа гәаҳҭеит.

Ҳахьлыбааз иаҳбеит акультуратә марҭхәқәа, ҷыдала иуҳәозар, ахәа ашьҭақәа, арацәа цырақәа, Аԥсуа Баагәара ду абаашқәа рҟны иаҳԥшааз иеиԥшу акыц. Уи ашәышықәсабжьаратә аамҭа ахь иаҵанакуеит. Уажәы ари абаҟа шьаҭанкыла ақәӡӡаара ахықә иқәгылоуп. Уи аиқәырхаразы иаҭахуп ахарџь дуқәа", – иҳәеит иажәа иацҵо Ҟаитан.

Археологцәа абаҟа ҭырҵааит, афотоқәа ҭырхит, ахсаала GPS ианырҵеит.

Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара мҩаԥысуеит афонд "Амшра" ацхыраарала. Амаҵзура Sputnik официалтә информациатә партниоруп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0