Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукЕиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа
Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абзазаратә гәамсам амҩангареи аиҵакәаҳареи рзы иҷыдоу атранспорт аархәеит 2019 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиаразы ианаҭо ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Абзазаратә гәамсам амҩангареи аиҵакәаҳареи рзы КамАЗ захьӡу автомашьынақәа ҩба аҟәатәи "Иҷыдоу автомобилтә нхамҩа" иарҭеит.

Атехника аҭара ацеремониа иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәыла аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа.

Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бганба: агәамсам ақәгаразы амашьына ҷыда аахәахоит Гагра ақалақь азгьы

Ҳаразиа иажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа автомашьына ҿыцқәа ҳаҳҭнықалақь азы ицхыраагӡа дууп. Уи иакуа агәамсам акапан зладуу ала, есыҽны галтәи агәамсамеизгарҭахь ацара-аарақәа ҩынтә еиҵахоит.

Аԥыза-министр инапала автомашьынақәа рцаԥхақәа Аҟәа ахадара Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дырмит Аҳәба ииҭеит. Ҳаразиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аҩыза аҳамҭазы, иагьазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр идгылара ыҟамызҭгьы, макьана ари аҩыза атехника шырмоуаз.

"Игор Кошин иакәмызҭгьы, саргьы исоуамызт", - дахлафааит Валери Бганба.

Кошин иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ианаҭо афинанстә цхыраара шыҟоу, аха уи зқәырӡтәу аԥсуа ган ауп изыӡбо.

Автомобильқәа рыцԥхьаӡа фба-фба миллион мааҭ ирыԥсоуп, иҳәеит атәыла аԥыза-министр, ажурналистцәа данрацәажәоз.

"Арҭ амашьынақәа ирҭаӡоит 140-160 гәамсамҭра иркуа ацрыҵқәа. Ажәытә иаҿҳарԥшыр, урҭ 60-70 ракәын ирҭаӡоз", - иҳәеит Бганба.

© Sputnik / Томас ТхайцукЕиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа
Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ргәы иҭоуп атәыла араионқәа рзы даҽа 14 автобуси ацхыраара ласы амашьынақәа 4-еи раахәара. Гагра араионгьы агәамсамкажьга машьыназы арзаҳал аларҵахьан, урҭ рызҵаарагьы иаарласны иӡбахоит.

Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәыла аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иазгәеиҭеит Аҟәа иалганы агәамсам агара хәҭакахьала иӡбоуп, аха қәнагалаҵәьа иӡбахоит Гәылрыԥшь араион аҟны агәамсамеизгарҭазы апроект аусура ианалагалак ашьҭахь.

Аҟәатәи "Иҷыдоу автонхамҩа" аҟынтәи Гал араион аҟны иҟоу аполигон ахь агәамсам агаразы ҽнак ҩынтә ԥшьмашьынак цаны иаауеит. Абри атәы иҳәеит Иҷыдоу автонхамҩа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Коӷониа. Иара убасгьы, иажәа иацҵо, иҳәеит амашьына ҿыцқәа рҭаӡара шеиҳаугьы, абылтәы егьырҭ амашьынақәа реиԥш инырхуеит – аҳҭнықалақь аҟынтәи Галынӡа 90 литра раҟара.

© Sputnik / Томас ТхайцукЕиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа
Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Еиҵакәаҳаны икарыжьлоит: Аҟәа ақалақь иарҭеит агәамсамкажьга машьына ҿыцқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0