Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс иалагоит цәыббрамза 2 рзы

© Sputnik / Томас Тхайцукабжьаратэ школ
абжьаратэ школ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адырра злаҟанаҵо ала, аҵарашықәс ҿыц азы ҳтәыла ашколқәа рҟны актәи акласс ахь ицоит ҩнызқьҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс иалагоит цәыббрамза 2 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзураҿы.

Нанҳәа 22 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аиҳабыра реилатәараан Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба излааицҳаз ала, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ажәалагала ҟанаҵеит амҽыша, цәыббра 1 усурамшны ирыларҳәарц, убри аан нанҳәа 27 ԥсшьарамшны ирыларҳәарц.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба уи азҵаара иҵегь алацәажәара нанҳәа 23 ахь ииаигеит.

Нанҳәа 23 рзы Аиҳабыра аилацәажәара аан ирыӡбеит, амзар аҿы ишазгәаҭоу еиԥш, цәыббра 2 аҵарашықәс алагоит ҳәа инрыжьырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0