АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны амҽыша, нанҳәа 25 рзы атәыла ахада иалхрақәа раан аус аулоит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, иамоу атехникатәи ауааԥсыратәи ресурсқәа ахы иархәаны, иҳәеит Sputnik Аԥсны аиҳабы Руслан Бганба.
"Ҳара ҳагентра аартын 2014 шықәсазы ахада иалхрақәа рышьҭахь. Убри азы ҳаԥхьа ишьҭоу аус - ҳтәылаҿы реиҳа азҿлымҳара змоу, акрызҵазкуа ахҭыс ишақәнагоу еиԥ азааҭагылара – ҳара ҳзы ари раԥхьатәи ԥышәоуп, аҭакԥхықәра дугьы ҳзацуп. Ҳаудиториа иаҭахуп аоперативтә, аобиективтә, инҭырҳәцаау, иҟаҵәҟьоу аинформациа аиур, уи аҭахрақәа аҭак рыҭара ҳамчи ҳалшеи зегьы азаҳкуеит", - иҳәеит Бганба.
Иара иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Sputnik Алхратә комиссиа хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы алхрақәа рыҽны ишаанартуа анҭыҵтәи арадиостанциа. Уантәи Sputnik амҩаԥгаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа алхыҩцәеи, анаԥшыҩцәеи, аекспертцәеи ирыҿцәажәалоит.
Арадио Sputnik Аԥсны Алхас Манаргиа иаԥхьа ишьҭоуп ишиашоу ицо аефир аҟны 10 сааҭк инареиҳаны аусура. Иара излазгәеиҭо ала, ари аус егьа имариамзаргьы, аинтерес аҵоуп, анагӡарагьы дазыхиоуп. Ас еиԥш аусушьа улшарақәа зеиԥшроу шьахәла иунарбоит.
Атексттә транслиациеи авидеотранслиациеи Sputnik Аԥсны асаит аҟны уахәаԥшыр ҟалоит. Уи адагьы, авидеотранслиациақәа асоциалтә ҳақәа рҟны агентра адаҟьақәа рҟны ицалоит.