Аҩбатәи атур, азинеиҿкаара, атәанчаҩхәқәа: Аԥсны алхыҩцәа ззыԥшу

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны алхыҩцәа
Аԥсны алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхыҩцәа ргәыӷрақәа здырҳәало атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Ауаажәларратә ҭакԥхықәра

Алхыҩцәа реиҳараҩык абжьыҭарахь иааиуеит рхы-ргәы алаҟан.

Гәыранда Анқәабԥҳа раԥхьаӡа акәны абжьыҭара далахәуп. Лара лзы ари акрызҵазкуа хҭысуп.

"Сара сыбжьы асҭарц сыӡбеит, избанзар алхрақәа аҵакы ӷәӷәа рымоуп ҳаԥсҭазааразы. Сҩызцәагьы абжьыҭарахь ицеит. Ҳара иаҳҭахуп ҳтәыла аполитикатә ԥсҭазаара ҳалахәхарц. Еснагь издыруан сыбжьы зысҭарц исҭаху. Аиҳарак уи иалхраҿы сҭаацәа сыцхрааит. Акандидатцәагьы сырзыӡырыҩуан схы рзышьҭны. Абарҭқәа рышьҭахь сҭаацәеи сареи ҳгәаанагарақәа еиқәшәеит", - лҳәеит лара.

Валери Аршба абжьыҭара иалахәхара уалԥшьаны иԥхьаӡоит. Иара игәаанагарала, алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит.

Константин Затулин - Sputnik Аҧсны
Затулин: Урыстәыла аԥсуа жәлар ргәы иалнахуа идгылоит

"Акыр иҭынчны имҩаԥысуеит абжьыҭарақәа. Даара исҭахуп актәи атур ала еилгар, аха акандидатцәа рацәаҩуп. Аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа сгәы иснаҭоит", - иҳәоит Валери Аршба.

Аҟәа ақалақь аҿы инхо Лиубови Феррати Шипкевичаа абжьыҭира ҳәа иааит.

"Гәыкала ҳааит. Ахада ҿыц иҟынтәи ҳаззыԥшу? Ҳақалақь цқьахо, аԥсшьаҩцәа ҳзаауа иҟаларц ҳҭахуп. Ақалақь аԥшра еиҭаркырц даара исҭахуп", - лҳәоит лара.

72-шықәса зхыҵуа Валери ахада ҿыц иҟынтәи атәанчаҩхәы аизырҳара дазыԥшуп.

"Даара гәалаҟазаара дук сыман сааит сызҳәом. Ареспубликаҿы акгьы аҽеиҭанакуам. Атәанчаҩхәы иазҳандаз ҳәа ҳаԥшуп. 500 мааҭ иҟои? 72 шықәса схыҵуеит, аха аус сымур ауам. Уа фнызқьмааҭ соуеит. Еиӷьрак ҟалап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәоит иара.

"Брехаловка" абжьы анаҭоит

"Брехаловка" лассы-лассы иаҭаауа ауааԥсыра реиҳарак шьыжьнаҵы алхрақәа рахь ицахьеит, урҭ алхырҭатә ҭыԥқәа рахь инеины, ргәы зызҭаз акандидатцәа рыбжьқәа рырҭеит. Дара рзы зегь реиҳа ихадоу алхрақәа ҭынч имҩаԥысроуп.

"Иахьа ҳара абжьыҭарахь ныҳәак еиԥш ҳцеит. Алхырҭатә ҭыԥ аҿы ҭынчран, ауаа ргәалаҟара бзиан. Сгәыӷуеит, алхрақәа ҭынч, еилагарада имҩаԥысып ҳәа. Ахада ҿыц иҟынтәи сазыԥшуп ауалафахәқәеи атәанчаҩхәқәеи рышьҭыҵра. Аԥсны иқәынхо зегьы ирҭаху акоуп: аамҭа бзиа ҟаларц, ҳтәыла еизҳазыӷьарц, ҳажәлар аидгылара рыманы иҟаларц. Ҳара аибашьра ҳхаҳгеит. Ҳажәлар ирхыргаз урҭ аамҭақәа рхамшҭкәа, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз ҳҵеицәа рыхьӡ кадмыршәааит! Абарҭ зегьы ҳрызхәыцны, ҳаӡәфкны ҳҟалааит", – иҳәеит Рауль Ҭаниа.

Зыбжьы зырҭаша ззымдыруагьы ҟалеит. Урҭ реиҳабацәа ирыдҵааланы, абжьгарақәа раҳарц Аҟәа аԥшаҳәахьы иааит.

"Иахьатәила макьана сыбжьы асымҭацт, аха стәылауаҩшәҟәы сџьыба иҭоуп. Ҳаиҳабацәа иахьреизарҭоу "Брехаловка" сааит, урҭ ргәаанагара сазыӡырҩырц, анаҩс сцоит реиҳа иақәнагоу акандидат изы бжьыҭаразы. Ҳалхра иадаҳҳәало абзиарақәа зегьы наӡап ҳәа , ҳхада ҿыц ҳтәыла аизҳазыӷьаразы аус ишахәҭоу еиԥш иуп ҳәа ҳгәыӷуеит. Иара ибзианы еиликаароуп иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Шьаҿак иадамхаргьы, ҳтәыла ԥхьаҟа ицартә иҟаиҵароуп. Аԥсны аҭахрақәа дрықәныҟәо, аҿиарамҩа дацәхьамҵуа, ихы дамеигӡа аус иуроуп", - игәыӷрақәа ҳацеиҩишеит Беслан Кьышьмариа.

Алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара иартәоит – 121 нызқьи 627-ҩык ауааԥсыра. Асиацҵақәа ирыҵаркуп 2702-ҩык алхыҩцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Москва зыбжьы зҭиуа Аԥсны атәылауаа алхрақәа рҟынтәи иззыԥшу еиҭарҳәеит

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0