Аршба: Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинеиҿкааратә еилагарақәа ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык инареиҳаны азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аԥсны ахада иалхрақәа раан.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥкәа рҟны амҽыша, нанҳәа 25 асааҭ 14:00 рызтәи аинформациала азинеиҿкааратә еилагарақәа ҭаҩым, иҳәеит Аԥсны ААР аиҳабы Гарри Аршба, Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.

"Нанҳәа 24 раахижьҭеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирӷәӷәоу аусушьахь ииагоуп. Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгараан ААР ахатә еилазаара азинеиҿкаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи ирхылаԥшуеит 37 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны. Алхырҭатә ҭыԥкәа ирзааигәоу араионқәа рҟны агәыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп",- иҳәеит Аршба.

Иара иажәақәа рыла, Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа уахи-ҽни алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ирхылаԥшуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа: аҵыхәтәантәи адыррақәа

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0