Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба: Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа зегьы ирҭахын рыбжьы аҭаразы алшара рымазарц

© Sputnik / Зафас ГамгияАҭанур Аҟәысба
Аҭанур Аҟәысба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла алхырҭатә ҭыԥ аартразы ирыдыркылоз ашьаҿақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.
Аҟәысба: Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа зегьы ирҭахын рыбжьы арҭаразы алшара рымазарц

"Ҭырқәтәыла иқәынхо ҳажәлар Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу ирҭахын зегьы ара рыбжьы арҭарц алшара роурц. Фымз раԥхьа ҳара аҳәара ҟаҳҵеит аратәи ҳхаҭарнак иахь, иара ишахәҭоу еиԥш аусура далагеит. Арыцхә 17 рзы ҳхаҭарнакра ираҳҳәеит, иҳамоу аԥышәала Сҭампыл алхрақәа мҩаԥаҳамгарц, уа алхрақәа маншәалаӡам, ҳзакәанқәа ирԥырхагамзар, Сҭампыл иалганы, аԥсуа жәлар зегьы рнеира ахьыманшәалахаша Сақариа иҟаҳҵарцаз. Убас уа еиҿаҳкааит ауаа ахьааиша аҭыԥ, абиуллетенқәа. Адырҩаҽны Аԥсны Ахьыԥшымра аназхарҵаз амш ауп, уигьы азгәаҳҭарц ҳгәы иҭан, зегьы ааԥхьара раҳҭеит. Нас адырра ҳауит уа ишыҟамло, хымш рыла Сҭампыл иҟаларцаз ҳаҽҳзеидымкылеит. Сара Ҭырқәтәыла Апарламент аиҳабы сырзасит ԥсыхәак амазар, иалыршахозар ҳәа, аха иамуит", – ҳәа еиҭеиҳәеит Аҟәысба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0