"Сгәалаҟара бзиоуп, иахьа аԥсуа жәлар ҳзы ныҳәоуп, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҟны ҳхада далҳхуеит, уи иааиуа хәышықәса рыҩныҵаҟа Аԥсны аҳәынҭқарра ԥхьаҟа игароуп . Ҳажәлар гәыӷырҭас ирымоу раԥхьа иргыланы аҿиароуп , аинвестициақәа рус наҟ-наҟ иаатыроуп, аҩнуҵҟатәи аҭышәынтәалара аныҟала, анҭыҵынтәи иаҳхылаԥшуа зегьы рҟәалагара шьҭнахуеит аусеицуразы. Иахьа Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа хылаԥшра рырҭоит 7-8 ҳәынҭқарра рҟынтәи анаԥшыҩцәа, адемократиа злысны иҟоу ҳәынҭқарраны ҳазгәарҭахьеит, ара иҟалаӡом ганкы ишаҭаху алхрақәа рымҩаԥгара, уи даара иахәаԥшуеит, ҳаицклаԥшны, ҳхымҩаԥгашьа маншәаланы имҩаԥысыртә иҟалааит иахьатәи амш", - иҳәеит Ԥиԥиа.
Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы нанҳәа 25 рзы иаанартит анҭыҵтәи арадиостанциа, иара убас ишиашоу ицо атексттәи авидеотранслиациақәеи мҩаԥнагоит асаити асоциалтә ҳақәеи рҟны.