Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷба Аԥсны ахада иалхрақәа Москва амҩаԥысшьа иазкны: аԥхын алхыҩцәа маҷуп

© Foto / предоставлено Ахрой АмичбаАхра Амҷба
Ахра Амҷба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкааз, насгьы шаҟаҩык рхы аладырхәыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы иаартыз аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа алахәыла Ахра Амҷба.
Амҷба Аԥсны ахада иалхрақәа Москва амҩаԥысшьа иазкны: аԥхын алхыҩцәа маҷуп

"Москва алхрақәа даара ибзианы имҩаԥысит ҳәа азысыԥхьаӡоит. 500-ҩык рҟынӡа ҩыџьа агын. Хәышықәса раԥхьа иҟаз алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа еиҳа ирацәан. Аԥхын зегьы ԥсшьара ицоит, Аԥсныҟа ицоит, уи ауп уажәтәи алхрақәа раан алхыҩцәа рхыԥхьаӡара змаҷхазгьы. Абжьааԥны 1500-ҩык рҟынӡа алхрақәа рхы рыладырхәуан. Дара ахәшьара руҭозар, зегьы маншәаланы имҩасит. Иааиуа зегьы гәык-ԥсыкала иааиуан, ргәалаҟазаара бзиан, еиларс ҟамҵакәа адиаспора алхрақәа ибзиан имҩаԥыргеит. Ара 146-ҩык рыбжьы Кәыҵниа Алхас ирҭеит, 137-ҩык - акандидат Олег Аршба. Рауль Ҳаџьымба иоуит 83 бжьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амҷба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0