Кремль Аԥснытәи алхрақәа ирышьклаԥшуеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКремль Аԥснытәи алхрақәа ирышьклаԥшуеит
Кремль Аԥснытәи алхрақәа ирышьклаԥшуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәын 60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа – Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, луганск, донецк ареспубликақәа, Венесуела, Германиа, Китаи рҟынтәи.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Кремль Аԥснытәи алхрақәа ирышьклаԥшуеит, иагьгәыӷуеит ара зегьы азакәаншьаҭа аманы имҩаԥысып ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.

"Алхрақәа ашьклаԥшра раҳҭоит. Аҩбатәи атур ҳазыԥшуп. Ҳагьгәыӷуеит ара зегьы азакәаншьаҭа аманы имҩаԥысып ҳәа" - иҳәоит Песков.

Аԥсны алхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы.

Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла аҩбатәи атур ахь инеиит Рауль Ҳаџьымба (23,85%), апартиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа (21,97%).

Актәи атур аҿы инеиит 66,55% алхыҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0