Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит Нанҳәа аныҳәа иаԥхьагылоу барбанџьиа шымҩаԥырго

Мадонна Пилия
Мадонна Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи русзуҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит Нанҳәа аныҳәа иаԥхьагылоу барбанџьиа шымҩаԥырго атәы.
Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит барбанџьиа ианахыԥатәу аамҭазы иарбан жәақәоу иҳәатәу

"Амш ахәларахь ианнеиуа аамҭазы, амра анҭамшәац, аҭаацәара зегьы еизоит. Адәахьы амаҭәа аанымхароуп, избанзар, уи ауха аҩсҭаацәа еизоит аҟнытә амаҭәақәа зтәу ауаҩы иԥыргахар ауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥшәмаԥҳәыс ахәысхәа анхылхуа иаанхо ахәҵәы рҩаны иҵәыхны илымоуп, иара ибзианы ирҩаны иҟазароуп, аҷҷаҳәа амца акыртә еиԥш, шаҟа ирацәаны иумоу аҟара иаҳа еиӷьуп. Аҭаацәа маӡала аџьыкахыш аашьҭыхны, абарбанџьиа аҭыԥаҿ еизоит. Нас еиҳабы-еиҵабыла амца ахыԥара иалагоит. Аџьыкахыш акәзар, амца иахыԥаанӡа хынтә рхы иакәдыршоит: "хаҩсҭаацәа ҳаблит, абри нахыс шықәсык аҩныҵҟа иаҳԥархагамхо, мыч рымамкәа, иҟалааит ҳәа. Аҩнаҭаҿы изызҳауа асабицәа амца анду иахылгоит, мамзаргьы рнапқәа кны амца иахдырԥоит. Дарбанзаалакгьы зынӡа хынтә дахыԥароуп. "Сҟәаҟәа ӡәыр дықәтәазар, зыгьы шәбылны шәҷыҷны шәкасыжьит, уаҳа мчы шәымаӡам" ҳәа абас ихдыркәшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥлиаԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

    

Ажәабжьқәа зегьы
0