АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟынтәи 80-ҩык рҟынӡа аҟазауаа алахәхоит ацәыргақәҵа "Абрыскьыл иабиԥара". Уи ҟалоит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 аҿы цәыббра 4 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Очамчыра араион ахадараҿ аҿари аспорти рыҟәша аҿартә политиказ аҟаза Фаина Кондратиева.
Ацәыргақәҵахь инагахоит аҿыханҵа, аграфика, амҿлых, абџьар, анапылаҟаҵара кьанџьақәа, акерамикатә маҭәарқәа, амилаҭтә бзазара амаҭәарқәа.
"Ҵыԥхгьы абри аҩыза ацәыргақәҵа мҩаԥган, аха Очамчыра араион заҵәык аҵанакуан. Сынтәа иҳаӡбеит Мрагыларатәи Аԥсны зегьы еидаҳкыларц. Гал, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь араионқәагьы аҵанакуеит", - лҳәоит Кондратьева.
Ацәыргақәҵа иатема хаданы иҟоуп Аԥсны ажәлар ркультуреи рҟазареи, рҭоурыхи, рҵасқәеи рқьабзқәеи.
"Акәакь ҷыда азырхиахоит аҩнтәы бзазаратә маҭәар, абџьар, ацәамаҭәа, адгьылқәаарыхратә маҭәар", - ҳәа еиҭалҳәоит Кондратиева.
Апрограмма иалагӡаны идырбахоит амастер-классқәа - акьанџьақәа рыӡахышьа, амҵәышә аԥашьа уҳәа рзы.
"Уаанӡатәи ҳцәыргақәҵа аинтерес ду аиуит. Ауаа оумашәа ирбон абриаҟара аҟазауаа ахьҳамоу. Ацәыргақәҵаҿы анапкымҭақәа рыҭира алшоит", - лҳәоит лара.
Ацәыргақәҵа ахыркәшамҭазы аҭааҩцәа далырхуеит аԥхьахә занаршьаша аҟазауаҩ.
Ацәыргақәҵа ашьҭахь, асааҭ 14:00 рзы Акультура ахан аҿы иқәгылоит ахореографиатә ансамбль "Ерцахә", аинструменттә ансамбль "Три балалайки".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Даур Ҵәыџьба: аус бзиа уанаҿу адгылаҩцәагьы ҟалоит
-
Ҩ-қалақьк "рдерби" : аицлабра "Бреин-ринг" Очамчыра имҩаԥысит