Кындыӷ ақыҭаҿ амҩа акаҭран ықәырҵоит

© FotoКындыӷ ақыҭаҿ амҩа акаҭран ықәырҵоит
Кындыӷ ақыҭаҿ амҩа акаҭран ықәырҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кындыӷ ақыҭан амҩа еиҭашьақәдыргылоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Кындыӷ ақыҭан амҩа еиҭашьақәдыргылоит, акаҭран ақәҵара иаҿуп, ҩымш рыҩнуҵҟагьы ихыркәшахоит, уи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб.

Аиҭашьақәыргылара ацашьа: "Аԥсныавтомҩа" имҩаԥгоу аусурақәа ирылацәажәоит>>

Иара ишазгәеиҭаз ала, аусурақәа мҩаԥыргоит 29 нызқь метр ԥшьыркца рҿы.

Уаанӡа, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿ имҩаԥысит Аинвестициатә программа ацашьазы аусутә гәыԥ аҩбатәи аилацәажәара. Аилацәажәараҿы 2020-2022 шықәсазтәи апрограмма апроектқәа рыӡбахә шьҭыхын. Аԥыжәара рыҭатәны ишьан ареспублика афымцасистемеи амҩақәеи рыҿиара.

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара нап рыҵарыҩхьеит шәкы инареиҳаны еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0