Акурортқәеи атуризми рзы аминистрра: аԥсшьаратә сезон шьақәтәаны иҟан

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсшьара
Аԥсны аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аԥхынтәи асезон еихыршьаалеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы нанҳәа 30 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада иалхра акурорттә сезон анырра анамҭеит ҳәа иҳәеит Аԥсны акурортқәеи аныҟәарақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, аминистрра аԥхынтәи асезон еихшьаало, Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы нанҳәа 30 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы.

Иара иазгәеиҭеит асезон шьақәтәаны ишыҟаз, ишацәшәоз еиԥш, ахада иалхрақәа уи анырра шарымҭаз. Аԥсшьаҩцәа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аинтерес ркуа ишалагаз.

Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷк еиҵоуп, уи а ақәоурақәа роуп еиҳарак изыхҟьаз ҳәа рыԥхьаӡоит аминистрраҟны.

"Иахьазы Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа мчыбжьык аҩнуҵҟала иаҭаауеит жәа-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. Аиҳарак ари адинхаҵара иадҳәалоу, иара убас аӡыршхыҵхырҭақәа ирҭаауа роуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны акурортқәеи аныҟәарақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц иажәақәа рыла, акурорттә сезон ахыркәшара макьаназ изаауп. Ҳаԥхьаҟа аамҭа ыҟоуп. Аусбарҭа адыррақәа рыла, цәыббрамзазы заанаҵтәи аҿаҵарақәа 60% ыҟоуп.

Акурортқәеи атуризми рзы аминистрра ргәы иҭоуп асасааирҭақәа русзуҩцәа рквалификациа аизырҳара. Уи азы иаарыԥхьарц рҭахуп Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҟазауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0