Занҭариаԥҳа Саида Гәынба лзы: зегь рыла еинаалаз аԥсуа ҭыԥҳа
"Аибашьра анеилга ашьҭахь ларгьы саргьы аус еицаауан. Лҟазшьа даара ибзиан, лыпату бзиан. Зегь рыла еинаалаз аԥсуа ҭыԥҳа лакәын лара. Анаҩс, лан данычмазаҩха, аусура ааныжьны, Пицундаҟа дцеит. Аҭагылазаашьа шылцәыуадаҩыз ҳдыруан аҟнытә, илабжьаҳгеит лусура зынӡа иаанылмыжьразы, аха, зегь акоуп, илымуит. Иаарласны лан длыԥхеит, ларгьы ачымазара дамҽханакит",- ҳәа илгәалалыршәоит Занҭариаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Саида Гәынба лгәашәара иазку атлетика лас азы аицлабра аатит Аҟәа