Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қарчаа астол-ԥкьаҭмпыл азы атурнир иазкны: ахәмаррақәа угәы иахәартә еиԥш имҩаԥысит

© Sputnik Беслан Қарчаа
Беслан Қарчаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астолтә ԥкьаҭмпыл азы афедерациа ахада Беслан Қарчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны Аҟәа имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи атурнир ҽааны еиҳа амҽхак ырҭбааны амҩаԥгара ахәҭаны ишиԥхьаӡо.

Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку астол-ԥқьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥысит Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Аспорт ахан аҿы.

Қарчаа астол-ԥқьаҭмпыл азы атурнир иазкны: ахәмаррақәа угәы иахәартә еиԥш имҩаԥысит

"Атурнир рҽаладырхәит 48-ҩык аспортсменцәа, урҭ рҟынтә фҩык ахымхәацәа. Аԥсны араионқәа рҟнытә иҟан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа ахаҭарнакцәа, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа, Нхыҵ-Уаԥстәылантәгьы рҽаладырхәит. Аҩаӡара бзиа змаз аспортсменцәа ҳзааит. Аицлабрақәа мҩаԥысит ҩыџьа-ҩыџьалагьы. Сынтәатәи атурнир аӡӷабцәа рыда имҩаԥысит, уи азы иҟан еиуеиԥышм амзызқәа. Ҳаԥхьаҟа аспортменцәа рхыԥхьаӡара иаҳа иацлар, аҟәрышьгьы ҳазхошәа ҳбар, қәра-қәрала еиҭа амҽхак ырҭбааны иҟаҳҵап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Иааизакны ахәмаррақәа угәы иахәартә еиԥш имҩаԥысит", - ҳәа азгәеиҭеит Қарчаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0