Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәаа "Аԥсны аҭоурых" азы: аус злоу арҵаҩы иоуп - аԥсышәала дхәыцуазар, даԥхьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Бигуаа
Валери Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшома аҵарашықәс ҿыц азы аԥсышәала иеиқәыршәоу аҭоурых азы арҵага шәҟәы цәырҵыр? Избан иахьа уажәраанӡа ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа ҳҭоурых рхатәы бызшәала изырымҵо? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәаанагара иҳәеит уи асас, аҵарауаҩ, аҭоурыхдырҩы Валери Бигәаа.

 

Бигәаа Аԥсны аҭоурых азы: аус злоу арҵаҩы иоуп - аԥсышәала дхәыцуазар, аԥсышәала даԥхьоит

"Аҩреи аԥхьареи здыруа дазусҭазаалакгьы ахьымӡӷ ҳадуп ҳажәлар рҿаԥхьа. Иаҳзыҟамҵеит ҳара ҳашкол иахьагьы аԥсышәала ицәажәо, аха иахьа уажәраанӡа зынӡа акгьы ыҟаӡам ҳәа аҳәара иишаӡам. Сара ААУ аҟны 1985 шықәса раахыс аԥсышәала аԥсуа жәлар рҭоурых саԥхьоит, уажәазы аҭоурыхтә факультет мацара аҟны ауп, аха уи аԥхьа егьырҭ афакультетқәа рҟынгьы санаԥхьозгьы иҟан. 1992 шықәса рзы сара иҭсыжит адиаспоразы "Аԥсны аҭоурых" захьӡу ашәҟәы хәыҷы, ажәытә инаркны Асоветтә ҳәынҭқарра шьақәгылаанӡа иаҵанакуаз аамҭа атәы арбаны. Уи ашьҭахь еиқәсыршәеит "Аԥсны аҭоурых" ашколқәа рзы, 2004 шықәса рзы зықь цыра ҭыҵит. Уи ашәҟәала аҵара ахьырҵо ашколқәа ыҟоуп, еиҳарак ақыҭақәа рҿы, иаралагьы ААУ иҭалоит. Араҟа аус злоу арҵаҩы иоуп, иара аԥсышәала дхәыцуазар, аԥсышәала даԥхьар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  •  

 

Ажәабжьқәа зегьы
0