Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба "Аԥсны аҭоурых" азы: ажәаҟынтә аус ахь ианыиасуа аамҭа ҳҭагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Какоба
Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшома аҵарашықәс ҿыц азы аԥсышәала иеиқәыршәоу аҭоурых азы арҵагашәҟәы цәырҵыр? Избан иахьа уажәраанза ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа ҳҭоурых рхатәы бызшәала изырымҵо? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы игәаанагара иҳәеит уи асас Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Какоба арҵагашәҟәы Аԥсны аҭоурых азы: ажәа аҟынтә аус ахь ианыиасуа аамҭа ҳҭагылоуп

"Ихадараны ҳҵадырраҟны, ҳҵаратә система аиҿкаараҿы зныкымкәа ҳҿаԥхьа иқәгылоз азҵаара уажәы ажәа аҟынтә аус ахь ианыиасуа ҳәа аамҭак ыҟазар, убри ҳааины ҳҭагылоуп. Ииашоуп, иахьа уажәраанӡагьы аԥсышәала ицәажәо арҵагашәҟәы ҳхатә ҭоурых азы ишьақәыргылазар ахәҭан, аха иҟан еиуеиԥшым амзызқәа. "Иаҭахуп, иаҭахуп!" ҳәа иҳамаз ацәажәарақәа рҟнытәи аус ахь ҳаиасхьеит. Саԥхьа иқәуп аԥхьажәа, Аԥсны аҭоурых излалаго, ахәбатәи- ажәбатәи аклассқәа ирызку арҵагатә цхыраагӡа аԥсышәала еиҭаганы", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0