Аԥсны Апарламент аҩбатәи атур ахь анаԥшыҩцәа аанаԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар Реизара - Апарламент
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи злахәу Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 8 рзы.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҩбатәи атур ахь анаԥшыҩцәа аанаԥхьеит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

"Ааԥхьарақәа наҳашьҭит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь, Афедерациа Ахеилак рахь, иара убасгьы Донецки Лугански ареспубликақәеи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи рахь", - иҳәеит Кәарҷиа.

Урыстәыла Афедерациатә хеилак Sputnik ишазаанацҳаз ала, уажәы урҭ аделегациа аиҿкаара иаҿуп.

Актәи атур аихшьаалақәа рыла, аҩбатәи атур ахь инеит Аԥсны иахьатәи ахада Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи (22,91%).

Зегьы ирҿагылоуп ҳәа рыбжьы арҭеит 1666-ҩык атәылауаа, 4693 биуллетен бжьыхын. Ауаа рааира иартәеит 65,18%.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0