Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хагәышь: аҭоурых аҵаҩы изымдыруазар, арҵаҩцәа роуп изхароу

© SputnikБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ аҭаларазы абитурентцәа аолимпидаҿы иаадырԥшыз адыррақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ауниверситет афилологиатә афакультет адекан Баҭал Хагәышь.
Ҳагәышь: ахәыҷы иҭоурых изымдыруазар, уи зхароу арҵаҩы иоуп

"Сынтәа егьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа ААУ имҩаԥган аолимпиада. Даараӡа ибзиан имҩаԥаагеит ҳәа азгәасҭоит, иҳанаҭаз даара ирацәоуп, абитурентцәа бзиақәа ҳазнеит, доусы ииҭахыз азанааҭ алхны убри ала аолимпиада мҩаԥган. Ибзианы изҭииз зегьы ԥышәарада ААУ иахыԥхьаӡалан. Абжеиҳан азанааҭқәа зегьы рзы ахәыҷқәа ибзиан иҳауит. Аматематика аума, ахимиа, афизика, абиологиа, азы уаанӡа иҟамызҭӷьы, сынтәа инеиз даара ирацәоуп. Сгәы иаанагоит ари аԥышәа анаҩсгьы ҳаԥхьаҟа ҳхы иаҳархәароуп ҳәа".

ААУ афилологиатә афакультет адекан Баҭал Хагәышь иҳәеит игәы иалоу шыҟоу. Аолимпидала аҟазаратә факультет ахь инеиз ахәыҷқәа Аԥсны аҭоурых шырзымдыруа аанарԥшит иҳәеит иара.

"Уи ахәыҷқәа ирхараӡам. Изхароу зегьы арҵаҩцәа ҳауп. Убраанӡа инаҳгеит ҳҭоурыхи ҳбызшәеи, хьаас иҳамкуашәа иҟалеит. Иахьатәи аамҭазы жәытә-натә аахыс иҟаз узымдыруазаргьы, абри аибашьра атәы ахәыҷы изымдыруазар, уи азы аҭакԥхықәра зду арҵаҩ иоуп. Аҭоурых ззымдыруа жәлары ԥхьаҟатәи аԥеиԥш рымам. Убри ҳзеилкаауам", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0